Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳалал аҭара Ашықәс ҿыци Қьырсаныҳәеи аритуалқәа ирыхәҭакны

CC0 / / Новогодние подарки
Новогодние подарки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.01.2025
Анапаҵаҩра
Аҳалал аҭара – ари Ашықәс ҿыц ауха инаркны агәылеи азлеи, ауа-аҭахыреи реиҭанеиааира аритуал иахәҭакуп. Иара иамоуп иҷыдоу аҵакы. "Ҽаанбзиала" ҳәа аҩнаҭа иаҭаауа ауаҩы дахьнеиуа дныҳәа-ныԥхьо дныҩналоит, аԥшәмацәагьы ныҳәарыла иԥылоит. Қьырсаныҳәа аламҭалаз акәзар, ас еиԥш аныҟәара мҩаԥызго ахәыҷқәа роуп. Иахьнеиуа аԥшәмацәа агәырӷьа жәабжь рзаазго ахәыҷқәа аҳалал рырҭоит. Аҳалал ҳәа араҟа ҳазҿу – ахаа-мыхаа, ахәыҷқәа ҩнагаланы аныҳәатә чыс агьама дырбара, ианцогьы ргәы ҟазҵаша акы дыркра ауп.

Аҳалал аҭара – ажәа "аҳалалра", "ақьиара" аҟынтәи иаауеит. Аԥсуаа ажәаны "Анцәа дузыҳалалхааит, дузыразхааит" ҳәа рҳәоит. Уи иаанаго абзиарақәа рацәаны иуԥигалааит ауп. Ашықәс ҿыц иацу аҳалал аҭара аритуалгьы ҵакыс иамоу абри ауп: заҟа угәы ҳалалны, ицқьаны иҟауҵо шыҟауҵо аҟара, убриаҟара абзиарақәа уԥылараны иҟоуп. Аӡәы аҳалал изыҟауҵаргьы, ҩынтәны еиҳаны уара иуԥылоит – абри аҵакоуп иаанарԥшуа аныҳәатә еидныҳәалара, аныҳәаныԥхьара, аҳамҭа еимдара. Ас еиԥш иҟоу аҳалал аҭаратә қьабз Ажьырныҳәа жәаха-жәиԥшьынӡа имҩаԥысуеит.

Қьырсаныҳәазы аҳалал аҭара ақьабз мҩаԥысуеит аишәаргылара ала. Ашықәс ҿыц аԥылараан еиԥш аишәа чысла идырхиоит, аха аамҭала уи аныҟарҵо шьыбжь хыҵаанӡа ауп, насгьы ацәашьы адыркуеит (иҟоуп иазмыркуагьы аха).
Иара убас, иаразнакгьы аишәа иахатәаӡом, минуҭқәак иааԥшуеит, аҩнаҭа иахылаԥшхәу аҳалал рырҭоит, ачыс агьама рбазшәа ҟарҵоит, ашә ывҵраан, мамзаргьы зынӡаск иаартны иаанрыжьуеит. Уи аритуал анымҩаԥыргалак ашьҭахь, аҭаацәа еидтәаланы "Хыхь иҟоу уаҳхылаԥш!" ҳәа Анцәа иҳәоит, еибаныҳәоит, еидтәаланы акрырфоит. Ақалақьқәа рҟны инхо, ҳаамҭазы, еиҳа лассы-лассы ауахәамақәа ирҭаауеит. Абри аҽны инаркны ачгара иҵыҵуеит ҳәа иазгәарҭоит.
Қьырса иазку аишәа дырхиоит аҳалал чысқәа рыла: ачашә, ачааҿақәа, аҟаб, аҳалуа, ақалмышь, иара убас ахаа-мыхаақәа.
Адунеи еихаӷәӷәа-еиҵаӷәӷәа ианыҟала: Қьырса аныҳәа ду аԥсуаа рҿы ишазгәарҭо - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.01.2024
Аԥсны
Адунеи еихаӷәӷәа-еиҵаӷәӷәа ианыҟала: Қьырса аныҳәа ду аԥсуаа рҿы ишазгәарҭо
Ажәабжьқәа зегьы
0