Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

ААУ астудентцәа Амшын еиқәа иалаҭәаз амазут ахҟьаԥҟьақәа ррыцқьара иалахәын

© Foto / отдел информации и медиакоммуникаций АГУ.Студенты Абхазского госуниверситета отправились волонтерами в Анапу
Студенты Абхазского госуниверситета отправились волонтерами в Анапу - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 12 - Sputnik. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет астудентцәа хатәгәаԥхарала ацхырааразы Анапаҟа ицеит, дара Керчтәи аӡыбжьахалаҿы амазут акаҭәара ахҟьаԥҟьақәа ррыцқьара иалахәын. Абри атәы аанацҳауеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.
Астудентцәеи Аԥсны атәылауааи аплиажқәа дрыцқьон, ааха зауз аԥсаатәқәа аиқәырхараҿы ирылшоз ҟарҵон.
Астудентцәа Рхеилак аиҳабы Руслан Амҷба згәы былуа ацхырааразы Анапаҟа ицарц ааԥхьара икьыԥхьит исоциалтә ҳақәа рҟны.
Иара иажәақәа рыла, аволонтиорцәа аҭыԥантәи аштабқәа ирыдҵаалеит, урҭ ашәарҭадаратә ԥҟарақәеи ахымҩаԥгашьеи рзы абжьгарақәа рырҭеит.
Ликвидация последствий разлива нефтепродуктов у берегов Анапы - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.01.2025
Урыстәыла
Амшын еиқәа иалаҭәаз амазут арыцқьаразы афедералтә штаб аԥҵоуп
Ԥхынҷкәын 15 рзы Керчтәи аӡыбжьахалаҿы 9,2 нызқь тонна рҟынӡа амазут зҭаз ҩ-танкерк ӡааҟәрылеит. Анефҭтә аалыҵқәа рыхәҭак Краснодартәи аплиажқәа рҿы ихықәнажьлеит. Ааха зауз аҭыԥқәа рҿы амуниципалтә ҟазшьа змоу иҷыдоу аҭагылазаашьа рылаҳәоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0