Урыстәыла

Асектор Газа ахымца аанкыларазы аиқәшаҳаҭра амч аиуит

© REUTERS / Mohammed SalemПалестинцы покидают свой дом во время израильских воздушных и артиллерийских ударов в секторе Газа
Палестинцы покидают свой дом во время израильских воздушных и артиллерийских ударов в секторе Газа - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 19 - Sputnik. Асектор Газа ахымца аанкылоуп асааҭ 12:15 рзы москватәи аамҭала. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Биниамин Нетаниаху иусеилыргарҭа аҳәамҭа шьаҭас иганы.
Аҭынчра москватәи аамҭала 9:30 рзы иаларгалар акәын, аха Израиль аԥыза-министр Биниамин Нетаниаху аҳәамҭа ҟаиҵеит, ХАМАС аиқәшаҳаҭра еиларгеит, иҭаку ауаа рахьтә иоурышьҭраны иҟоу рсиа ахьрырымҭаз азы.
ЦАХАЛ иазгәарҭеит Палестина ахыдҵақәа нанагӡаанӡа аибашьра шаанырымкыло. ХАМАС аамҭа ахьцацәаз зыхҟьаз аҭыԥ аҿы "атехникатә уадаҩрақәа" роуп рҳәеит, сааҭқәак рыла ари асиа шрырҭо иақәдыргәыӷит.
Еибашьуа аганқәа Катар, Мысра, ЕАА рыбжьаҟазарала ажьырныҳәа 19 инаркны ахымца аанккыларазы еиқәшаҳаҭхеит.
Аҭынчра ирыбжьарҵаз актәи аетап 42 мшы ицалоит. Убри аан ХАМАС 33-ҩык израильтәи абаандаҩцәа аурышьҭроуп, урҭ рҭыҧан палестинатәи абаандаҩцәа 1890-ҩык рырҭароуп, ЦАХАЛ ар шьҭахьҟа ихьаҵуеит, иара убас палестинаа агуманитартә цхыраара рыҭара иалагоит.
16 мшы раан аганқәа аҩбатәи аетап азы аиҿцәажәарақәа ирылагароуп, уи инақәыршәаны иаанхаз абаандаҩцәа рхақәиҭтәра иалагароуп ҳәа адыррақәа ыҟоуп, иара убас еилагарада аахымца аанкылара, израильтәи ар шьаҭанкыла алгара.
Ажәабжьқәа зегьы
0