Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Шә-цәак рхарԥоуп, ауаҩы изыҳәа ихәарҭоуп": аџьымшьи аџыши агәабзиаразы рлагала

© Sputnik / Марианна Кубрава Празднование дня города Сухум
Празднование дня города Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.01.2025
Анапаҵаҩра
Ҳаԥсҭазаара иахәҭаку ауҭраҭыхқәа аџьымшьи аџыши ауаҩы игәабзиаразы рлагала зеиԥшроу атәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Агәабзиара акырӡа зҵазкуа ажәоуп. Ианумоу, наунагӡа иуцу џьушьоит. Аҵшәаара уадаҩым, ашьақәыргылара ус имариам. "Агәабзиара амалқәа ирмалуп" ҳәа баша ирҳәауам.
Ауаҩы игәабзиара арӷәӷәараҟны рлагала рацәоуп ауҭраҭыхқәа, урҭ рахьтә акык-ҩбак рыӡбахә салацәажәоит.
Адунеи иахыҵәахьоу, ибзиаӡаны ирдыруа ауҭраҭыхқәа рсиа иалоуп аџьымшьи аџыши. Аԥсуа чыс хкқәа рыбзиабаҩцәа аӡәырҩы иазгәарҭоит, "ицаҳәҵаҳәуа" ауҭраҭыхқәа аџьымшьи аџыши рыфатә ианалҟьо еиҳа ргәы ишақәшәо.
Новорожденный малыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Аԥсны
"Ани ахәыҷи еимаздо": жәлар рмедицина азааҭгылара

Аџьымшьи аџьыши агәабзиаразы рлагала

"Шә-цәак рхарԥоуп, ауаҩы изыҳәа ихәарҭоуп" - абас рзуҳәар алшоит аџьымшьи аџыши, избан акәзар жәлар рмедицинаҿы ахархәара ҭбаа рымоуп. Лымкаала аԥсуа жәлар рмедицинаҿы арҭ ауҭраҭыхқәа рхархәара зеиԥшроу атәы ҳалацәажәап.
Аџьымшьы
Аԥсуа жәлар рмедицина излаҳанаҳәо ала џьара уҟәаҟәазар, умаха-ушьаха хҳәацызар, аџьымшьы ырссаны ацхеи иареи ааилаҵаны иахьухьуа аҭыԥ иақәуҵар, ухьаа хнаҽуеит.
Аџьмашша ырӡыҭны аџымшьы ырссаны (мамзаргьы икылхны) иаларыԥсон, нас ибзиан иааиларҩынтны, аимҳәа зыхьыз данышьҭало аламҭалаз игәышԥы иахьыршьуан.
Ахәдахьаа иаргәамҵуа аџьымшьы ацәа аӡы аҵатәаны еиларшны, анаҩс аӡы ааҵхны, аамҭа-аамҭала ихәда иҭиршалар, дыбзиахоит.
Ахәышҭаараҟны аџьымшьы акәицқәа ақәырҳәҳәны ирӡуан, нас ишыԥхаԥхаз ашәра ахьалнахыз иақәырҵон. Ԥыҭрак ашьҭахь дырҩеигь идырҿыцуан. Убас маҷ- маҷ ашәра ҭыргон.
Аџьымшьы ацәа лахырҵәрааны идырссон, ҵәыцак азна ахш лаҵәаҭәаны, ҭынч-ҭынч амцаҿы еиларҩынтуа идыршуан. Ахылҩа-ԥсылҩа анцалак, ашәра ахьалнахыз иахьыршьуан.
Аҵиаақәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.12.2023
Аԥсны
Лаԥшь ҵәаԥшь ҭаст: аҭәҳәаҟаҵаҩцәа алаԥш заахаз ишырхыруа иазкны
Аџыш
Аџыш еиҵарԥхьаны изжәуа, изхьызшьуа ауаҩы ачымазара ҿкы – агрипп ихьӡом ҳәа рыԥхьаӡоит.
Анкьа ауаҩы иԥынҵа еихачызар, аџыш аӡы аҵыхны цәыкәбарк-цәыкәбарк наҟ-ааҟ иҭаиҭәон.
Ацәама иахәшәуп ҳәа иԥхьаӡан аџыш. Џыш рыцк рфон ашьыжь, какалк ркаанӡа.
Аџыш ырссаны (џьымшьызаргь ауан) ацха аҵарҭәон. Аиҵарԥхьа такәаамҭа ус иаанрыжьуан, анаҩс шьыжьы, шьыбжьон, хәылбыҽха мҳаҵәк-мҳаҵәк лбаардон.
Аканҵыҵыра кашәоит аџыш андырҟәыцлак ашьҭахь иаҵыҵуа аӡы ахьушьлар, абас аҳәоит жәлар рмедицина.
Аимҳәеи ахьҭалалареи риааиразы ахәышҭаараҿы џышхык рӡуан. Нас ацәа аахыхны, ишыԥхаԥхаз ҩба-хԥа цыра рфон.
Ахәац адацқәа ыҵхны иаарыӡәӡәон, аџыш кылхны иалаԥсаны, еилдырхуан. Нас аҳауа зҭамло акы инҭаҵаны, уадкала еиҵадырԥхьон. Абри аҩыза ахәшә ахьҭалалареи аимҳәеи анрылаҽлак ирхьыршьуан.
Плющ - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2019
Ашәчбӷьы, аҵәымӷқәа, арацәа ҽыҭқәа, мамзар аԥсуаа алаԥш рыҽшацәырыхьчо
Жәлар разгәаҭарақәа рахьтә аџыш агьама еиԥш аҟазшьагьы цаҳәцаҳәуеит, "доушла ижәылан" алаԥш уҟәнацоит.
Аџыш рыԥхрақәа аҩны уахьагәыдыԥшыло икнарҳауеит, аҭаацәа алаԥш рԥырхагамхаразы. Асаби дахьгароу аџыш хушьыр ма аџыш рыц ақьынсҭа налаҵаны имаҭәа иауркыр, алаԥш ԥырхага инаҭом рҳәоит.
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара азун С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".
Ажәабжьқәа зегьы
0