Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ани ахәыҷи еимаздо": жәлар рмедицина азааҭгылара

CC0 / / Новорожденный малыш
Новорожденный малыш  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Анапаҵаҩра
Жәлар рмедицинахьтә зааҭгыларақәак ҟалҵоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Ан лымгәарҭа иҭоу изы ддунеиуп, дбаагәароуп. Аԥсҭазаара агәаӷь згәылагӡоу, лгәаҵан даҽа гәык еисуеит. Лыхшара илымоу-илылоу зегь ималдоит адәы иаҵәа дықәыԥшаанӡагьы. Ицеиҩылшоит аҳауа, афатә, илзицәыҵәахуам лгәалаҟарагьы. Абарҭқәа зегьы еиднакылоит бла иамбо аԥсҭазаара аҷапан.
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа лыстатиа "Ахшараиура мариахарц азы аԥсуаа имҩаԥыргоз ақьабзқәа" рҿы абас лыҩуеит:
"Ахшара данилак, уи иҷапан маркатылла ихҵәаны, нас арахәыц ала иҿарҳәон. Ахәыҷы иҷапан ӷьаанӡа уи амаркатыл иалакьысӡомызт, иԥхьаркуан. Аҷапан анкашәалак ауац илаҵаны аҩны аҭӡамц иаларшьыхуан".
Новорожденный ребенок  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.01.2022
Аԥсны
Ауаҩы иира – ахшараиура мариахарц азы аԥсуаа имҩаԥыргоз ақьабзқәа
Жәытәла уалацәажәозар, асаби дшыркәабоз иҷапан аӡы рыцәҭалазҭгьы, иҭаацәа ахәшәтәҩы (урысшәала "знахарка") дизааргон. Лара акасыш аџьыкахыш нылаԥсаны асаби иҷапан инадылкылон: "абри аџьыкахыш шӡыҭуа еиԥш иӡыҭааит ахәыҷы иҷапан иҭоу аӡы" - ҳәа хынтә диҭәҳәон.
Мама с ребенком - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.10.2018
"Аглахьа", ма "агылхьа": ани ахәыҷи ирыдҳәалоу аныҳәарақәа рзы азгәаҭақәа

Аҷапан хәшәык аҳасабла

Ииз ахәыҷы раԥхьатәи ичымазарақәа ируакуп – аблы. Аблы мгәахьаауп, ицәырҵуеит ҳәа иԥхьаӡоуп асаби ҩымз данырҭыслак.
Асаби ари ачымазара далзырго ахәшәқәа иреиуоуп - аҷапанрҩа. Даниз ихырҵәаз, анаҩс идырҩаз аҷапан анапсыргәыҵа иаақәырҟәыҷны ашыла алырхуан.
Аҷапан шыла ан лгәыԥҳәыхш ала иааилырхны ахәыҷы ирҭон, убри ала аблы рхәышәтәуан.
Асаби - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2021
Анра анасыԥ: ахшара дызмауа аԥҳәыс лыцхраара иадҳәалоу ақьабзқәа

Аҷапанкашәара

Аҷапанхьаа ахәыҷы иеиԥш адугьы изцәырҵыр алшоит. Мыцхәы аџьа ихы иаирбазар, иҷапан иҩахыкны аисра иалагазар, "аҷапан кашәара" иатәуп. Абри аус аҭыԥ ақәҵаразы дааргон ахәшәтәҩы "аҷапаншьҭыхҩы" ззырҳәоз.
Ишазгәаҭоу ала, жәлар рмедицина знапы алакыз рахьтә имаҷҩымызт "аҷапан кашәара" зхәышәтәуазгьы.

Аҷапаншьҭыхҩы ачымазаҩ даниҭаалак, данихәаԥшлак ашьҭахь ҩнымаҭәак днахьынҳаланы, адгьыл аҿынтә иҽҩышьҭыхны, ԥыҭраамҭак убыс иҽникылар акәын. Ачымазаҩ ус дыҟанаҵы ахәшәтәҩы аҷапан иаакәыршаны ихәон, ахьаа еихирсыӷьуан. Нас ҩбаҟа кәтаӷь аӡа ааԥҽны, акәтаӷьгәқәа бзиа иааҩҩны, аԥхьа ашьаршьаф цқьа илаиҭәон, ашьҭахь иаашьҭыхны ачымазаҩ ихьуа иҷапан иаакәыршаны, ирхханы иҿаиҳәон.

Аҷапанкашәара ахәшә анизыҟарҵа ашьҭахь, ачымазаҩ ҩымш-хымш ҽмырқәаца аӷәтәы иарҭа дықәиазароуп, уи инахыҳәҳәаны мызкы ихы аџьабаа аирбар ауамызт.
Иара убасгьы, жәлар рмедицинаҿы аҷапан кашәара иахәшәуп ҳәа азырҳәон амыркыџьы (урысшәала "череда"). Амаркыџьы адацқәеи амахәқәеи аӡы аҵаҭәаны ианеиладыршлак ашьҭахь идраӡон, нас иаҵыҵыз аӡы шьыжьы, шьыбжьон, хәылбыҽха ҳәа иааихшаны фырџьанла иржәуан.
Астатиа аиқәыршәараҿы хархәара аҭан С.М. Наҷҟьебиа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика".
Новорожденный - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2020
Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак
Ажәабжьқәа зегьы
0