Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абиуџьеттә ҭакԥхықәрақәа рынагӡара иалацәажәеит Аԥсны ахада ин.н. имҩаԥигаз аилатәараҿы

© Foto / АпсныпрессОбязательства перед бюджетниками и подготовка к выборам: как прошло совещание Валерия Бганба с главами районов
Обязательства перед бюджетниками и подготовка к выборам: как прошло совещание Валерия Бганба с главами районов - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ажьырныҳәа 23 — Sputnik. Абиуџьеттә ҭакԥхықәрақәа рынагӡара иалацәажәеит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи араионқәа рхадацәеи реилатәараҿы.
Гагра араион
Абиуџьеттә сектор аусзуҩцәа рулафахәы шеибгоу ирызшәахоит. Уажәазы араионтә биүџьет 20 миллион мааҭ иҟоуп, ажьырныҳәамзатәи аҭакԥхықәрақәа – 64 миллион мааҭ. Ус ишыҟоугьы, араион ахада и.н. Адамур Ҵышәба иажәақәа рыла, араион аиҳабыра рҭакԥхықәрақәа зегьы нарыгӡап ҳәа агәыӷра рымоуп.
Гәдоуҭа араион
Абиуџьеттә сектор аусзуҩцәа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзатәи рџьаԥса шәоуп. Ажьырныҳәамзазы аҭагылазаашьа аҽаԥсахыр алшоит, ареспубликатә биуџьет аҟынтәи ацхыраара аҭаххоит.
Аҟәа араион
Ажьырныҳәамза 1 азы иҳаҩсыз ашықәс афинанс цәынха абзоурала, абиуџьеттә сектор аусзуҩцәа рҿаԥхьа иҟаз аҭакԥхықәрақәа зегьы нагӡан.
Гәылрыԥшь араион
Ажьырныҳәамзазтәи ауалафахәы ашәаразы иахәҭоу аԥара абиуџьет аҿы иааныжьуп.
Очамчыра араион
2024 шықәса абиуџьеттә сектор аусзуҩцәа рҿаԥхьа ауалқәа рыда ихыркәшахеит. Араион ахада и.н. Артемон Габелаиа иажәақәа рыла, араионтә биүџьет шьаҭас иамоуп аԥсыӡкратә усхк аҟынтәи ахашәалахәы. Сынтәа урҭ арбагақәа маҷуп.
Тҟәарчал араион
Абиуџьеттә сектор аусзуҩцәа 2024 шықәса ԥхынҷкәынмзатәи рџьаԥса инагӡаны ирызшәоуп. Араион ахада и.н. Витали Кәыҵниа иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы араион ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 35 миллион мааҭ рҟынӡа аԥара амоуӡеит. Аха, ажьырныҳәамзазы абиуџьеттә хыдҵақәа нагӡахоит.
Гал араион
Аԥсны афинансқәа рминистрра 2024 шықәса анҵәамҭазы араион ацхыраара азыҟанаҵеит аԥаразоужьреи ашәарацҵақәеи рыҟазшьала. Ауал амаӡам.
Ажәабжьқәа зегьы
0