00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. В чем главная тайна Достоевского?
14:04
23 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Как Достоевский создавал психологию 5D
14:33
24 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳашыг Даур Инаԥшьба изы: аԥсышәала ажурналистика зырҿиоз рхыԥхьаӡараҿы даԥхьагылаҩны дыҟан

Анапаҵаҩра

Даур Инаԥшьба илшамҭақәа рхадараҿы игылоуп аԥсуа бызшәала, аԥсышәала ажурналистика зырҿиоз рхыԥхьаӡараҿы даԥхьагылаҩны дахьыҟаз, абас иҳәеит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг, изаамҭанымкәан зыԥсҭазаара иалҵыз иколлега дигәалаиршәо.
Иара иажәақәа рыла, Даур Инаԥшьба акырӡа иҳаракыз аҟазшьа иман.
"Аамсҭашәара ҟьалан иааӡом, уи ааӡара иахылҿиаауеит. Даур ибжьы ҭыганы аӡәы диацәҳаит акәым аӡәы ибжьы ҭыганы иара Даур димацәажәаӡыцызт. Абри ихымҩаԥгашьала, ауаа дшырзыҟоу иахылҿиаауеит — ауаа иара ишизыҟоу. 35 шықәса инеиԥынкыланы Аԥсуа телехәаԥшраҿы аус иуит. Аԥсуа политикцәеи аҿари дшырзыҟаз еилых имаӡамызт. Абри акырӡа иҳараку ҟазшьоуп ауаҩы ажурналистикаҿы алҵшәа бзиа иманы дҟаларц азы, ауаҩы зҿы аус имоу ижәлар рыҩнуҵаҟа иажәа агәра рго дҟаларц азы. Акырӡа ихьанҭоуп убас еиԥш иҟоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара, рыхьчара, еснагь рықәныҟәара", — иҳәеит Ҳашыг.
65 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, арратә корреспондент, аорден "Ахьӡ-аԥша" ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Даур Инаԥшьба. 1990 шықәса инаркны Аԥсуа телехәаԥшраҟны аусура далагеит. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии афронтқәа рҟны арратә корреспондентс дыҟан. "Агәымшәараз" амедал ианашьан.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәахәаԥшыр шәылшоит авидеонҵамҭаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0