Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Лазба афымцалашара ахә ацҵара аамҭала аанкылара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Лазба афымцалашара ахә ацҵара аамҭала аанкылара иазкны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәамза 1 инаркны изыцлараны иҟаз Аԥсны афымцамч азы ахәԥҵәақәа рыҿҳәара мшаԥымзанӡа ииагоуп. Абри азы ақәҵара ҟаиҵеит аҳәынҭқарра ахада ин.н. Валери Бганба. 2022 шықәсазы Аԥсны Аиҳабыра ахархәара змоу афымцамч ахәԥса шьаҿа-шьаҿала аизырҳаразы ирыдыркылаз ақәҵара инаваргыланы афымцасистема ахаҭабзиара аиӷьтәразы иҟаҵаз маҷын, убри аҟынтә ас еиԥш иҟоу ахә аизҳара ашәарақәа даара ирныԥшит ҳәа иԥхьаӡоит Бганба.
Аамҭалатәи алагалақәа алҵшәақәа ахьынӡарауа, ахәԥҵәа зҵаара иаҳа имырхьаакәа аиҿкаара шалыршатәу дрылацәажәеит “Амшынеиқәафымцамч” "Афымцаҭира" аҟәша ԥасатәи аиҳабы Инал Лазба.
Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра рзы афымцамч ахархәара ахәԥҵәақәа рыцҵара еснагь иџьбароуп иҳәеит Инал Лазба.
Иара игәаанагарала, Аԥсны аминистрцәа реилазаара ахәқәа рышьҭыхра хәҭа-хәҭала анагӡаразы аамҭахҵәа анрыдыркылоз, ҳасаб азыруит азҵаара еснагь иахылҿиаауа аимак-аиҿак.
"Зегь акоуп абри графикла иҟауҵозар, уашьклаԥшроуп, иунаҭо анализ ҟауҵароуп. Жәларбжьаратәи аԥышәа инақәыршәаны ахәқәа рышьҭыхраҿы адисциплина аԥхьа игылоуп, нас ахә. Убас ианыҟам абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоит - уара ишьҭыухоит, изымшәоз ишәаӡом, изшәоз ԥшьынтә-хәынтә еиҳаны аидара иқәлоит. Убри аҟнытә ари аӡбамҭа сақәшаҳаҭуп. Иааит аамҭа иҳамоу алҵшәақәа реиҭарыхәаԥшра", - иҳәеит Лазба.
Иара иазгәеиҭеит иахьа иҟоу ахәԥҵәақәа рыла "Амшынеиқәафымцамч" ахы ныҟәнагартә ишыҟоу, ауаа инырхуа афымца ахә ахшәааразы алеишәа ҟалар.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
2025 шықәсазы афымцамч ахархәаразы ахәԥҵәақәа рыцҵара ҳазҭоу ашықәс мшаԥымза 1 аҟынӡа иаанкылоуп. Уи азы ақәҵара инапы аҵаиҩит Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба. "Амшынеиқәафымцамчи" Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭеи напынҵаны ирыҭоуп: 2025 шықәса ажьырныҳәамза 1 инаркны мшаԥымза 1 аҟынӡа 2024 шықәсазы афымцамч азы ишьақәдыргылаз ахәԥҵәақәа рхы иадырхәаларц; афымцамч ахархәаразы ироуз ахашәалахәы аҟынтәи 30% иреиҵамкәа акоммерциатә фымцамч ахә ашәаразы иԥхьакзарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0