https://sputnik-abkhazia.info/20250127/aa-aibashrat-muzei-ay-zhlarbzharati-akhatgakharauaa-rkorpus-azyaarat-tsentr-aartup-1053510060.html
Аҟәа Аибашьратә музеи аҿы Жәларбжьаратәи ахатәгәаԥхарауаа ркорпус азыҟаҵаратә центр аартуп
Аҟәа Аибашьратә музеи аҿы Жәларбжьаратәи ахатәгәаԥхарауаа ркорпус азыҟаҵаратә центр аартуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аҟәа ақалақь, Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы Жәларбжьаратәи ахатәгәаԥхарауаа ркорпус азыҟаҵаратә центр аартуп. 27.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-27T17:30+0300
2025-01-27T17:30+0300
2025-01-28T01:24+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/12/1032043506_0:106:1400:894_1920x0_80_0_0_2bb05394ba8f314fb08928c2095a9638.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аҟәа ақалақь, Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы Жәларбжьаратәи ахатәгәаԥхарауаа ркорпус азыҟаҵаратә центр аартуп. Иахьа амузеи аҿы Ленинград афашисттә блокада аҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 81 шықәса ахыҵра иазкны аусмҩаԥгатә мҩаԥысит. Аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Ада Кәарҷелиаԥҳа иазгәалҭеит Ленинград агәымшәареи аӷәӷәареи ирсимволны ишыҟалаз. Ауааԥсыра рзы ессааҭ ԥышәаран, аха уи иахьмырԥшыкәа аԥсадгьыл гәык-ԥсык ала ишазыҟаз аадырԥшуан, аиааира агәрагара еиқәдырхон, адоуҳатә акзаара рыман лҳәеит лара. "Аԥсны ари аструктура аартра Россотрудничествои ареспубликаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи аџьабаа здырбало аус — аҭоурыхтә гәалашәареи аҭоурых еицырзеиԥшу адаҟьақәеи рыхьчара иацхраауеит", — ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/12/1032043506_34:0:1367:1000_1920x0_80_0_0_4fe9333b5511d4b73f6aaf6471c03b06.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Аҟәа Аибашьратә музеи аҿы Жәларбжьаратәи ахатәгәаԥхарауаа ркорпус азыҟаҵаратә центр аартуп
17:30 27.01.2025 (ирҿыцуп: 01:24 28.01.2025) АҞӘА, ажьырныҳәа 27 - Sputnik. Аҟәа ақалақь, Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи аҿы Жәларбжьаратәи ахатәгәаԥхарауаа ркорпус азыҟаҵаратә центр аартуп.
Иахьа амузеи аҿы Ленинград афашисттә блокада аҟынтәи ахы иақәиҭтәуижьҭеи 81 шықәса ахыҵра иазкны аусмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Ада Кәарҷелиаԥҳа иазгәалҭеит Ленинград агәымшәареи аӷәӷәареи ирсимволны ишыҟалаз. Ауааԥсыра рзы ессааҭ ԥышәаран, аха уи иахьмырԥшыкәа аԥсадгьыл гәык-ԥсык ала ишазыҟаз аадырԥшуан, аиааира агәрагара еиқәдырхон, адоуҳатә акзаара рыман лҳәеит лара.
"Аԥсны ари аструктура аартра Россотрудничествои ареспубликаҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭеи аџьабаа здырбало аус — аҭоурыхтә гәалашәареи аҭоурых еицырзеиԥшу адаҟьақәеи рыхьчара иацхраауеит", — ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество Ахаҭарнакра анапхгаҩы Владислав Куликов.