https://sputnik-abkhazia.info/20250131/ayza-lzy-azha-asny-afyrkhaa-nana-akaba-lgalasharazy-1053566966.html
"Аҩыза лзы ажәа": Аԥсны Афырхаҵа Нана Акабԥҳа лгәалашәаразы
"Аҩыза лзы ажәа": Аԥсны Афырхаҵа Нана Акабԥҳа лгәалашәаразы
Sputnik Аҧсны
Иӷарахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рцәаҳәа. Еиҭымхо иалагеит агәалашәаратә мшқәа раан "Ахьӡ-аԥша" абаҟа иаҭаауа ажәлар. Есышықәса иаҳцәыӡуеит... 31.01.2025, Sputnik Аҧсны
2025-01-31T18:00+0300
2025-01-31T18:00+0300
2025-01-31T20:43+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1f/1053567209_0:5:961:545_1920x0_80_0_0_e8f575f753a443b9e5f6cdf7c934cc4f.jpg
Иӷарахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рцәаҳәа. Еиҭымхо иалагеит агәалашәаратә мшқәа раан "Ахьӡ-аԥша" абаҟа иаҭаауа ажәлар. Есышықәса иаҳцәыӡуеит ҳҭынч ԥсҭазаара иазықәԥоз ҳаибашьцәа. Иахьа, ажьырныҳәа 31 рзы аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит изаамҭанымкәа, ачымазара бааԥсы иахырҟьаны зыдунеи зыԥсахыз Аԥсны Афырхаҵа Нана Тыкәа-иԥҳа Акаба. Аветеран лыуацәеи лҭынхацәеи ирыцгәырҩон илыцеибашьуаз лҩызцәагьы.Саида Жьиԥҳа, SputnikХҩык ахәыҷқәа аҩны иааныжьны, Сулҭан Сосналиев идҵала Гагратәи агарнизон амедицинатә маҵзура аиҳабыс иахагылаз, анаҩс Гәымсҭатәи афронт ахь ишьҭыз, аӡиас ирны жәаҩыла ахәцәеи, аԥсцәеи аԥсуа ган ахь иаазгахьаз, аибашьцәа ԥсеиқәырхагас ирзыҟаз афырԥҳәызба лакәын Нана Акабԥҳа."Нана амедицинатә занааҭ лымамызт, аха Аԥсны арыцҳара ианақәшәа ари аус лнапаҟны иаалгеит. Гагра араион ахы ианақәиҭха, Гаидар Иазычба игәыԥ дацны Гәымсҭатәи афронт ахь дцеит. Араатәи аҭагылазаашьа атәы аҳәара уадаҩуп. Ҳаҳәшьцәа рыбӷа иқәҵаны иҭахази, ихәызи еилашуаз Гәымсҭа аӡиас ирны иҭыргон", - лҩыза длыхцәажәоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәса аветеранцәа-аинвалидцәа рхеилак ахантәаҩы, Нана лҩыза гәакьа Лариса Ҭарԥҳа.Нана Акабԥҳа хәажәкыра 16, 1993 шықәсазы Гәымсҭа аӡиас ахықәан ахәра ӷәӷәа лоуит. Шарԥазы аибашьцәа дрыцны дылбааит Гәымсҭа аӡиас аҿықәахь. Араҟа 18-ҩык ахәцәа ацхыраара рылҭеит, илырҽеит 4-ҩык аԥсцәа. Аха аҩада рҭыгара дахьымӡеит. Ашьыжь асааҭ 10:30 рзеиԥш, ақырҭцәа ирыларҵаз аминомиот аснариад ахәра ӷәӷәа лнаҭеит. Ахыԥҽыха лгәы атапанча ахьаваз аҭыԥ иақәшәеит. Егьи ахы лгәаҵәа иалалеит. Иаразнак Афонтәи агоспиталь ахь дыргеит, аҳақьымцәа даанхо даанымхо аҳәара рцәыуадаҩхеит.Нана агоспиталь ахь данырга, дызхьымӡаз аус иацылҵеит лҩыза Лиалиа Ԥаразиаԥҳа. Лара, ҵаҟа илцәынхаз ахәцәеи аԥсцәеи аҩада ихалгалеит. "Хәажәкыратәи ажәылара анаҳҳәо, иаразнак схаҿы иааиуеит Нана лыхәреи, иԥжәоз аснариадқәа ҳаибашьцәа рымаха-рышьаха цҟьаны ишагози. Хәажәкыратәи ажәылара сыԥсы ахьынӡаҭазаауа иԥхыӡ ҿаасҭаны сгәалашәара иацзаауеит лҳәалон Нанагьы. Аиаша шәасҳәап, иацтәи амш ала сахьлыхцәажәо сгәы ԥжәоит. Ҳара дҳаԥхеит еснагь зхы акәымкәа зҩызцәа ирызхьааз ҳгәакьа", - лҳәоит аибашьра аветеран Жанна Мықәԥҳа.Нана лыԥсы анеиқәха, диаган Гагратәи агоспиталь ахь. Убраҟа дшышьҭаз ауп Аиааира амш дшаԥылаз.Нана илымаз ахәра даара аҽарцәгьеит, илхылгеит аԥҟарақәа жәба. Аҵыхәтәаны, Анцәа лхьаақәа лхаиршҭит. Шықәсқәак ааҵуаны лҭаацәараҟны аизҳара ҟалеит, Нана длыхшеит аԥа.Афырԥҳәызба лыхьӡ кашәара ақәым. Нана Акабԥҳа наунагӡа лыжәлар ргәалашәараҿы даанхоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20231125/akaa-akhtsa-atskhyraara-ryarazy-iaakhu-zegy-auoit-akha-nas-ugy-iasueit-1049142451.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/01/1f/1053567209_0:0:961:720_1920x0_80_0_0_9eed14ceca4c57271c51180eba37ee89.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
Иӷарахеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рцәаҳәа. Еиҭымхо иалагеит агәалашәаратә мшқәа раан "Ахьӡ-аԥша" абаҟа иаҭаауа ажәлар. Есышықәса иаҳцәыӡуеит ҳҭынч ԥсҭазаара иазықәԥоз ҳаибашьцәа. Иахьа, ажьырныҳәа 31 рзы аҵыхәтәантәи лымҩахь днаскьаргеит изаамҭанымкәа, ачымазара бааԥсы иахырҟьаны зыдунеи зыԥсахыз Аԥсны Афырхаҵа Нана Тыкәа-иԥҳа Акаба. Аветеран лыуацәеи лҭынхацәеи ирыцгәырҩон илыцеибашьуаз лҩызцәагьы.
Хҩык ахәыҷқәа аҩны иааныжьны, Сулҭан Сосналиев идҵала Гагратәи агарнизон амедицинатә маҵзура аиҳабыс иахагылаз, анаҩс Гәымсҭатәи афронт ахь ишьҭыз, аӡиас ирны жәаҩыла ахәцәеи, аԥсцәеи аԥсуа ган ахь иаазгахьаз, аибашьцәа ԥсеиқәырхагас ирзыҟаз афырԥҳәызба лакәын Нана Акабԥҳа.
"Нана амедицинатә занааҭ лымамызт, аха Аԥсны арыцҳара ианақәшәа ари аус лнапаҟны иаалгеит. Гагра араион ахы ианақәиҭха, Гаидар Иазычба игәыԥ дацны Гәымсҭатәи афронт ахь дцеит. Араатәи аҭагылазаашьа атәы аҳәара уадаҩуп. Ҳаҳәшьцәа рыбӷа иқәҵаны иҭахази, ихәызи еилашуаз Гәымсҭа аӡиас ирны иҭыргон", - лҩыза длыхцәажәоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәса аветеранцәа-аинвалидцәа рхеилак ахантәаҩы, Нана лҩыза гәакьа Лариса Ҭарԥҳа.
Нана Акабԥҳа хәажәкыра 16, 1993 шықәсазы Гәымсҭа аӡиас ахықәан ахәра ӷәӷәа лоуит. Шарԥазы аибашьцәа дрыцны дылбааит Гәымсҭа аӡиас аҿықәахь. Араҟа 18-ҩык ахәцәа ацхыраара рылҭеит, илырҽеит 4-ҩык аԥсцәа. Аха аҩада рҭыгара дахьымӡеит. Ашьыжь асааҭ 10:30 рзеиԥш, ақырҭцәа ирыларҵаз аминомиот аснариад ахәра ӷәӷәа лнаҭеит. Ахыԥҽыха лгәы атапанча ахьаваз аҭыԥ иақәшәеит. Егьи ахы лгәаҵәа иалалеит. Иаразнак Афонтәи агоспиталь ахь дыргеит, аҳақьымцәа даанхо даанымхо аҳәара рцәыуадаҩхеит.
Нана агоспиталь ахь данырга, дызхьымӡаз аус иацылҵеит лҩыза Лиалиа Ԥаразиаԥҳа. Лара, ҵаҟа илцәынхаз ахәцәеи аԥсцәеи аҩада ихалгалеит.
"Хәажәкыратәи ажәылара анаҳҳәо, иаразнак схаҿы иааиуеит Нана лыхәреи, иԥжәоз аснариадқәа ҳаибашьцәа рымаха-рышьаха цҟьаны ишагози. Хәажәкыратәи ажәылара сыԥсы ахьынӡаҭазаауа иԥхыӡ ҿаасҭаны сгәалашәара иацзаауеит лҳәалон Нанагьы. Аиаша шәасҳәап, иацтәи амш ала сахьлыхцәажәо сгәы ԥжәоит. Ҳара дҳаԥхеит еснагь зхы акәымкәа зҩызцәа ирызхьааз ҳгәакьа", - лҳәоит аибашьра аветеран Жанна Мықәԥҳа.
Нана лыԥсы анеиқәха, диаган Гагратәи агоспиталь ахь. Убраҟа дшышьҭаз ауп Аиааира амш дшаԥылаз.
"Аиааира, Аиааира ҳәа слымҳа иҭасит акаруаҭ аҿы сахьиаз. Иаразнак издырит изыхҳәаазгьы. Азнык азы сылаӷырӡқәа дәықәлеит, иҳавыршьааз гәнызгеит, ари амш рыбла иахьамбаз хьаазгеит. Хара имгакәа спалатахь ихалеит сгәыԥ иалаз аибашьцәа. "Нана, абар автомат, абарҵантәи бхысроуп Аиааира аҳаҭыр азы" рҳәан абџьар иаахеит. Аха сара сымчқәа убысҟак икәадан, 30 кьыла ракәын искапаноз. Автомат акәым, сшьапқәа аарла сышьҭырхуан. Исылымшошәа анырба, сыхьӡала Аиааиразы ахқәа ажәҩан ахь иршьҭит", - Аиааира амш лгәалашәо илҳәахьан Аԥсны Афырхаҵа Нана Акабԥҳа.
Нана илымаз ахәра даара аҽарцәгьеит, илхылгеит аԥҟарақәа жәба. Аҵыхәтәаны, Анцәа лхьаақәа лхаиршҭит. Шықәсқәак ааҵуаны лҭаацәараҟны аизҳара ҟалеит, Нана длыхшеит аԥа.
Афырԥҳәызба лыхьӡ кашәара ақәым. Нана Акабԥҳа наунагӡа лыжәлар ргәалашәараҿы даанхоит.