https://sputnik-abkhazia.info/20250202/kirienko-aaradyrra-auskhk-any-asua-aurys-useitsura-azaaraa-drylatsazheit-1053584112.html
Кириенко аҵарадырра аусхк аҟны аԥсуа-аурыс усеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит
Кириенко аҵарадырра аусхк аҟны аԥсуа-аурыс усеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥснытәи арҵаҩцәа Владимир Путин идҵала иаԥҵоу зеиԥшыҟам ацентр аҿы рзанааҭдырра аизырҳаратә курсқәа ирхысыр рылшоит иҳәеит... 02.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-02T11:20+0300
2025-02-02T11:20+0300
2025-02-02T12:33+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
сергеи кириенко
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/02/1053581251_0:122:2699:1640_1920x0_80_0_0_8321e852ce981dc35d8e5825c876974c.jpg
АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥснытәи арҵаҩцәа Владимир Путин идҵала иаԥҵоу зеиԥшыҟам ацентр аҿы рзанааҭдырра аизырҳаратә курсқәа ирхысыр рылшоит иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко. Зыӡбахә имоу Пиатигорск иҟоу "Машук" ҳәа изышьҭоу ацентр ауп, уаҟа хара имгакәа ашколқәа рдиректорцәа рзанааҭтә еизҳара апрограмма мҩаԥысраны иҟоуп. иажәақәа рыла, уа арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи урыстәылатәи апрограммақәа рылахәхара иалацәажәазар ҟалоит. "Ҳара ҳгәы иаанагоит, Аԥснытәи ашколхәыҷқәа иахьа Урыстәыла ахада иӡбарала инагӡахо апрограммақәа зегьы рылахәхаразы алшара роуроуп ҳәа", — ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.Иара убас иара инаҵшьны иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира агәалашәара иазку амемориалқәа реиҭашьақәыргыларазгьы Аԥсны ашколқәа аԥаратә цхыраара шырзыҟарҵо.Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, Урыстәыла арегионқәак ареспублика аҵараиурҭақәа ацхыраара уажәгьы ирырҭо иалагахьеит. Иаҳҳәап, Адыгеиа Приморсктәи ашкол ҳаамҭа иақәшәо аспорттә дәы ҳамҭас ианаҭеит. Иара убас Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи ацхыраара апрограмма ыҟоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/02/1053581251_175:0:2524:1762_1920x0_80_0_0_a20b73f3d1cd682f85b53e0d11e91a49.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, сергеи кириенко, ауаажәларра
ажәабжьқәа, сергеи кириенко, ауаажәларра
Кириенко аҵарадырра аусхк аҟны аԥсуа-аурыс усеицура азҵаарақәа дрылацәажәеит
11:20 02.02.2025 (ирҿыцуп: 12:33 02.02.2025) АҞӘА, жәабран 2 - Sputnik. Аԥснытәи арҵаҩцәа Владимир Путин идҵала иаԥҵоу зеиԥшыҟам ацентр аҿы рзанааҭдырра аизырҳаратә курсқәа ирхысыр рылшоит иҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Зыӡбахә имоу Пиатигорск иҟоу "Машук" ҳәа изышьҭоу ацентр ауп, уаҟа хара имгакәа ашколқәа рдиректорцәа рзанааҭтә еизҳара апрограмма мҩаԥысраны иҟоуп. иажәақәа рыла, уа арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи урыстәылатәи апрограммақәа рылахәхара иалацәажәазар ҟалоит.
"Ҳара ҳгәы иаанагоит, Аԥснытәи ашколхәыҷқәа иахьа Урыстәыла ахада иӡбарала инагӡахо апрограммақәа зегьы рылахәхаразы алшара роуроуп ҳәа", — ҳәа иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.
Иара убас иара инаҵшьны иҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира агәалашәара иазку амемориалқәа реиҭашьақәыргыларазгьы Аԥсны ашколқәа аԥаратә цхыраара шырзыҟарҵо.
"Аԥсны ашколқәа зегьы урыстәылатәи абиуџьет аҟынтәи ацхыраара роуеит — Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира агәалашәара иазку амемориалқәа реиҭашьақәыргыларазгьы, егьырҭ хырԥашьа змам азҵаарақәа рыӡбаразгьы", — ҳәа иҳәеит Сергеи Кириенко.
Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, Урыстәыла арегионқәак ареспублика аҵараиурҭақәа ацхыраара уажәгьы ирырҭо иалагахьеит. Иаҳҳәап, Адыгеиа Приморсктәи ашкол ҳаамҭа иақәшәо аспорттә дәы ҳамҭас ианаҭеит. Иара убас Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи ацхыраара апрограмма ыҟоуп.