Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи архәҭақәа аоперациа ҷыда азонаҿы ҩ-еиланхарҭа ҭыԥк рхы иақәиҭыртәит

© Sputnik / Станислав КрасильниковЗарядка реактивной системы залпового огня "Ураган" группировки "Центр" на Красноармейском направлении СВО
Зарядка реактивной системы залпового огня Ураган группировки Центр на Красноармейском направлении СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.02.2025
Анапаҵаҩра
Украинатәи аруаа уахыки-ҽнаки рыла ирцәыӡыит 1130ҩык раҟара ауаа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра.
АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Урыстәылатәи арратә мчрақәа аоперациа ҷыда азонаҿы ҩ-еиланхарҭа ҭыԥк рхы иақәиҭыртәит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра.

Зыӡбахә ыҟоу Харьковтәи аобласт иатәу Новомлински Донецктәи Жәлар Рреспублика иатәу Барановкеи роуп.

Уи адагьы, Урыстәыла аоперативтә-тактикатә авиациа, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа, аракетатә мчқәа, артиллериа арратә ҳаирбаӷәазақәа ринфраструктура, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа рыҵәахырҭақәа, урҭ разыҟаҵарҭақәа, адронқәа роператорцәеи арадиоелектронтә ҿагылара аҟазауааи рзы арҵаратә ҭыԥқәа, 157 раион рҿы аӷа ируааи итехникеи ааха ӷәӷәа рзыҟарҵеит.
Аҳауаҽацәыхьчаратә системақәа HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа 10, 57 украинатә дронқәеи карыжьит.
Арратә операциа ҷыда иаалагазар иҭархоуп: 653 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 42463, 590 ЗРК, 21034 танки егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи, РСЗО амашьынақәа 1513, артиллериеи аминаршәгақәеи 21276, иҷыдоу аибашьыгатә автомабилтә техника 31218.
Ажәабжьқәа зегьы
0