Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Афонд "Ашана" Леиа Адлеиаԥҳа лзы аԥареизгара рыланаҳәеит

© Foto / предоставила семья АдлейбаПодопечная фонда Ашана Адлейба Лея
Подопечная фонда Ашана Адлейба Лея - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2025
Анапаҵаҩра
Леиа лаб иҟынтә абаҩлаша илырҭаз лмыхәаӡеит, аҽа операциак ҟаҵатәхеит.
АҞӘА, жәабран 6 - Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" амиелоидтә шьашкәакәара змоу, ҩышықәса зхыҵуа Леиа Адлеиаԥҳа лзы аԥареизгара рыланаҳәеит.
Аӡӷаб лаб Витали иажәақәа рыла, адиагноз иҳаҩсыз ашықәс ажьырныҳәамзазы иқәыргылан. Леиа лшоура шьҭыҵит, анализқәа иаадырԥшит лшьаҿы алеикоцитқәа рхыԥхьаӡара еизҳаны ишыҟаз.
Мызқәак рыҩнуҵҟа Леиа Москватәи ахәшәтәырҭаҿы агәаҭарақәеи ахәшәтәреи дырхысуан, аха истандарттәу атерапиеи лыбаҩшша аԥсахреи лҵшәа рзыҟамҵеит.
Леиа лыԥсҭазаара аиқәырхаразы даҽа знык абаҩшша атрансплантациа лхылгароуп, уи азы 26,9 миллион мааҭ аҭахуп. Витали Адлеиба иҳәеит иара ихаҭа адонор иаҳасабала дшыҟаз, иԥҳаи иареи реиқәшәара 50% шакәыз иҟаз. Израильтәи аклиника "Хадасса" аҿы Леиа лзы зегь рыла илықәшәо адонорцәа рыԥшааит.
Уажәы ахәыҷы лани лареи Москватәи ахәшәтәырҭаҿы иҟоуп, уаҟа ахәыҷы лҭагылазаашьа аремиссиатә ҟазшьа аиурц азы атерапиа мҩаԥыргоит. Уи ашьҭахь, лара ирласны Израильҟа дгатәуп.
Ацхыраара аҭаразы алшарақәа ртәы еилышәкаар шәылшоит "Ашана" ателеграм-канал аҿы, мамзаргьы афонд аофициалтә саит аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0