Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Кириенкои Бганбеи Аҟәа имҩаԥысыз реиԥылараҿы асоциал-економикатә ӡбарақәа рыдкыламызт

© Sputnik / Пелагия Тихонова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабочая поездка С. Кириенко в Абхазию.
Рабочая поездка С. Кириенко в Абхазию. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 7 - Sputnik. Сергеи Кириенкои Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи Аҟәа имҩаԥыргоз апротоколтә еиԥылараҿы ӡбарак рыдрымкылеит ҳәа ТАСС иазеиҭарҳәеит Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ иаппарат аҿы.
"Хықәкыла, Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи иареи апротоколтә еиԥылара рыман. Убри аан асоциал-економикатә ҟазшьа змоу аӡбрақәа рыдрымкылеит иагьырмылацәажәеит", — ҳәа иҳәеит Кириенко иаппарат ахаҭарнак.
Аппарат аҿы иазгәарҭеит Урыстәыла анапхгара ииашаҵәҟьаны, Аԥсны Аҳәынҭқарреи уи ажәлари гәык-ԥсык ала адгылара шрырҭо.
Ажьырныҳәа 31 рзы Кириенко Аҟәа Аԥсны ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәбеи аусуратә еиԥыларақәа мҩаԥигеит. Аҩ-еиԥыларак Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит.
Ажәабжьқәа зегьы
0