Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟазацәа еиқәхаз асахьақәа рҭагылазаашьа ахәшьара арҭеит

© Sputnik / Марианна Кубрава Разбор пожаров в здании Национальной картинной галерее
Разбор пожаров в здании Национальной картинной галерее - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 10 Sputnik. Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра абылра иацәынхаз асахьақәа рыбжеиҳара аиҭашьақәыргылара ауеит ҳәа лҳәеит академик Грабар ихьӡ зху Аиҭашьақәыргыларатә центр аҭҵаарадыррақәа рзы адиректор ихаҭыԥуаҩ Ольга Темерина.
Лара иазгәалҭеит, зегь реиҳа иуадаҩу - ари амца иахҟьаны ааха зауз аусумҭақәа шракәу. Аиҭашьақәыргылаҩцәа макьана раԥхьа ишьҭоуп ииашоу азнеишьа алхра, аха аҭагылазаашьа еилкаахоит аусурақәа ианрылагалак.
Ахыдҵақәа ззанааҭдырра ҳараку аҟазацәа рыбжьара еихшоуп. Аиҭашьақәыргылара шаҟаамҭа аҭаххо аҳәара уадаҩуп.
Грабар ихьӡ зху ацентр азеиҭынтә сахьақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурҭа аиҳабы Светлана Горбунова лажәақәа рыла, џьара-џьара аџьабаа ӷәӷәа аҭаххоит, аха рус нарыгӡартә иҟоуп.
Иазгәалҭеит, сахьақәак реиҭашьақәыргыларазы Урыстәылаҟа агара ишазхәыцуа. Урҭ ахьатәи рҭагылазаашьа зеиԥшроу ҭҵааны рсиа шьақәдыргылахьеит.
Горбунова иҟалҵаз ахәшьарала, асахьақәа зҭагылазаашьа бааԥсу рацәоуп, убри аҟнытә дара иманшәалан ргаразы аҭагылазаашьа иазхәыцтәуп.
Российские реставраторы приступили к осмотру картин, уцелевших при пожаре в здании Союза художников 21 января. - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.02.2025
Аԥсны
Урыстәылатәи аспециалистцәа Аԥсныҟа иааит амца иацәынхаз асахьақәа реиҭашьақәыргыларазы
2024 шықәса ажьырныҳәамза 20-21 руха Амилаҭтә галереиа аҵәахырҭеи Ацәыргақәҵатә зал хадеи ахьыҟаз Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра амца ацралеит. Аԥсни аҳәаанырцәи рсахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа 4000 рахьынтә 150 роуп еиқәхаз.
Абылара ашьҭахьҵәҟьа, Грабар ихьӡ зху ацентр аҟынтәи ареставраторцәа асахьақәа реиқәырхара иалагеит. Жәабранмзазы урҭ рҟынтә 80% рыхьчара рылшеит.
Аԥсны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыцҵан. Уи адагьы, Урыстәыла Аԥсны Амилаҭтә галереиа апрофессионалтә реставрациатә лашара ҳамҭас ианаҭеит.
Жәабран 7 2025 шықәсазы урыстәылатәи аспециалистцәа ҩаԥхьа Аҟәаҟа иааит асахьақәа реиҭашьақәыргылара аҽазыҟаҵаратә усурақәа рымҩаԥгаразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0