Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Маршьан еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгара иахьынӡазхиоу атәы

Маршьан еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада иалхрақәа рымҩаԥгара иахьынӡазхиоу атәы
Анапаҵаҩра
Жәабран 15 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа. Арадио Sputnik аефир аҟны Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан еиҭеиҳәеит аҽазыҟаҵарақәа шцо, иарбан усуроу имҩаԥгатәны иаанхаз, алхратә ҭыԥқәа ахьынӡазхиоу абжьаҭарақәа реиҿкаара, алхратә аацҳаабӷьыц аҿы абжьаҭараан адырга иашаны ишықәыргылатәу.
Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа раан Аԥсны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥқәа, азакәан инақәыршәаны дара алхрақәа рыҽнынӡа жәамш шыбжьоу иаартын, алхыҩцәа рҭыӡҭыԥ иахьаҵанакуа инеины асиақәа гәарҭар рылшоит, иҳәеит Маршьан.
Урыстәыла Москвеи Черкесски ақалақьқәа рҿы аус руеит алхырҭатә ҭыԥқәа ҩба.
"Уа (Москва-азгәаҭа) асиақәа ҳамаӡам Аԥсны атәылауаҩшәҟәы змоу рзы, убри аҟынтәи абиуллитенқәа 2 нызқь цыра шьҭын усҟан (ԥасатәи алхрақәа раан-азгәаҭа). Уажәы азҿлымҳара анаадырԥшы ҳауаажәлар, 2 нызқь ракәымкәа, 4 нызқь ҳашьҭит. Иара алхратә ҭыԥ аҟынгьы 15-ҩык итәоу акомиссиа ашьыжь асааҭ 8 инаркны ахәылбыҽха 8 рҟынӡа зынӡа иадымҵкуа аус рургьы, ишаҳаԥхьаӡаз ала, 3 нызқь иреиҳахаӡом ( ирыдыркыло алхыҩцәа-азгәаҭа). Рхы иадмырхәо абиуллетенқәа нас арахь идыргьежьуеит", - иҳәеит Маршьан.
350-ҩык инарзынаԥшуеит иахьазы Алхратә комиссиа хадаҟны инеины џьаргьы иҭаҩым атәылауаа аршаҳаҭга бӷьыц заухьоу, иҳәеит Маршьан.
Иахьазы 135 нызқьҩык алхыҩцәа ашәҟәы иҭагалоуп, асиақәа макьанагьы аус рыдулара цоит, алхрақәа хымш шрыбжьоу ишьақәырӷәӷәахоит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Маршьан.
Ҩажәа инареиҳаны аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала алхрақәа рылахәхаразы арзаҳалқәа аарышьҭит, иҳәеит Маршьан.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0