https://sputnik-abkhazia.info/20250212/asny-akhada-ialkhraa-ryny-900-yk-inareiany-amilitsia-auszutsa-ashaloit-1053734517.html
Аԥсны ахада иалхрақәа рыҽны 900-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа ҷаԥшьалоит
Аԥсны ахада иалхрақәа рыҽны 900-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа ҷаԥшьалоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥсны алхратә ҭыԥқәа рҟны 735-ҩык амилициа аусзуҩцәа алахәхоит, резерв ҳасабла 223-ҩык рхианы иҟалоит. Еиҿкаахоит аоперативтә штаб... 12.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-12T22:00+0300
2025-02-12T22:00+0300
2025-02-12T23:42+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/13/1049883397_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_5e508c3f33917e222c7b86ad84a623d5.jpg
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥсны алхратә ҭыԥқәа рҟны 735-ҩык амилициа аусзуҩцәа алахәхоит, резерв ҳасабла 223-ҩык рхианы иҟалоит. Еиҿкаахоит аоперативтә штаб, араионқәа рҟынтәи аинформациа ахьнеиуа, анаҩсан иахәҭоу алкаа ҟаҵаны анаҩстәи аусмҩаԥгатәқәа дҵас ианҳарҭалакгьы имҩаԥаҳгаларц. Абри азы арадио Sputnik аефир аҿы адырра ҟаиҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Алмас Бебиа.Аԥсны алхратә ҭыԥ хадақәа 35 рҟны алхратә ҭыԥқәа 152 ыҟоуп. Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа асабша, жәабран 15 рзы. Ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа: Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, Роберт Аршба, Адгәыр Хәырхәмал.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/01/13/1049883397_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_f0903d80a70d4eeb5be4c14ba33d9a23.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
ажәабжьқәа, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
Аԥсны ахада иалхрақәа рыҽны 900-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа ҷаԥшьалоит
22:00 12.02.2025 (ирҿыцуп: 23:42 12.02.2025) АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аԥсны алхратә ҭыԥқәа рҟны 735-ҩык амилициа аусзуҩцәа алахәхоит, резерв ҳасабла 223-ҩык рхианы иҟалоит. Еиҿкаахоит аоперативтә штаб, араионқәа рҟынтәи аинформациа ахьнеиуа, анаҩсан иахәҭоу алкаа ҟаҵаны анаҩстәи аусмҩаԥгатәқәа дҵас ианҳарҭалакгьы имҩаԥаҳгаларц. Абри азы
арадио Sputnik аефир аҿы адырра ҟаиҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Алмас Бебиа.
"Раионцыԥхьаӡа иҷыдоу оперативтә гәыԥ СОБР ҳәа изышьҭоу ахаҭарнакцәа раионцыԥхьаӡа аекипажқәа аус рулоит. Уи ада ԥсыхәа ыҟамкәан ҟамлар, аҭыԥан иҟоу амилициа аусзуҩцәа адырра анрырҭалак, аопреативтә штаб аҟынтәи адҵа ҳарҭар, убасҟан ауп ианалаҳархәхо", — ҳәа инаҵишьит Бебиа.
Аԥсны алхратә ҭыԥ хадақәа 35 рҟны алхратә ҭыԥқәа 152 ыҟоуп.
Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп иааиуа асабша, жәабран 15 рзы. Ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа: Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, Роберт Аршба, Адгәыр Хәырхәмал.