https://sputnik-abkhazia.info/20250212/gdoua-aias-kistrik-avtomobilt-tsa-khyroit-1053725469.html
Гәдоуҭа аӡиас Кистрик автомобилтә цҳа хырҵоит
Гәдоуҭа аӡиас Кистрик автомобилтә цҳа хырҵоит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала Гәдоуҭа аӡиас Кистрик автомобилтә цҳа хырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра... 12.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-12T12:09+0300
2025-02-12T12:09+0300
2025-02-12T12:09+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/13/1048695102_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_5eeb02e4a3a9a1183667728531c2f7b1.jpg
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала Гәдоуҭа аӡиас Кистрик автомобилтә цҳа хырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра "Аԥсныҟәарахьчара" анџьныр хада Иури Воробиов. Иара иазгәеиҭеит уаанӡа ари аҭыԥ аҿы ашьаҟауаа рзы шакәыз ацҳа шхыз, убри аҟнытә аҭыԥантәи ауааԥсыреи аҭыԥантәи Аизара адепутатцәеи амҩа аҭарцәра арманшәаларазы автомобилтә цҳа ахҵаразы аҳәара ҟарҵеит. Ацҳа аа-метрак аҭбаареи жәа-метрак ауреи аиуеит, иазоужьуп 10 миллион мааҭ инареиҳаны аԥара. Аусурақәа мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит, амшқәа бзиахар.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/0a/13/1048695102_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_edc2886da776ba9d0536275541d750d8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ауаажәларра
Гәдоуҭа аӡиас Кистрик автомобилтә цҳа хырҵоит
АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә биуџьет ахарџь ала Гәдоуҭа аӡиас Кистрик автомобилтә цҳа хырҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра "Аԥсныҟәарахьчара" анџьныр хада Иури Воробиов.
Иара иазгәеиҭеит уаанӡа ари аҭыԥ аҿы ашьаҟауаа рзы шакәыз ацҳа шхыз, убри аҟнытә аҭыԥантәи ауааԥсыреи аҭыԥантәи Аизара адепутатцәеи амҩа аҭарцәра арманшәаларазы автомобилтә цҳа ахҵаразы аҳәара ҟарҵеит.
"Ақалақь агәҭанытә Аҳабла ҿыц ахь ицо мҩа заҵәык ауп – Тарнаа амҩа. Уаҟа уажәы амашьынақәа ахьырацәахаз иахҟьаны аныҟәара иуадаҩхеит, убри аҟнытә ари аҭыԥ аҿы аныҟәара армариаразы ацҳа цхыраагӡатәхоит", — ҳәа иҳәеит Воробиов.
Ацҳа аа-метрак аҭбаареи жәа-метрак ауреи аиуеит, иазоужьуп 10 миллион мааҭ инареиҳаны аԥара. Аусурақәа мызкы иалагӡаны ихыркәшахоит, амшқәа бзиахар.