https://sputnik-abkhazia.info/20250214/urystylati-aratsa-zgabziara-ku-aatsa-raradyrrazy-aseminar-mayrgeit-1053762723.html
Урыстәылатәи арҵаҩцәа згәабзиара ԥку аҵаҩцәа рҵарадырразы асеминар мҩаԥыргеит
Урыстәылатәи арҵаҩцәа згәабзиара ԥку аҵаҩцәа рҵарадырразы асеминар мҩаԥыргеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҿы аҵаҩцәа згәабзиараз зылшарақәа ԥкуи ахымхәацәеи рҵарадырра аиҿкаареи аԥсихологиа-рҵаратә цхыраара рыҭареи... 14.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-14T13:04+0300
2025-02-14T13:04+0300
2025-02-14T13:04+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аҟәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0a/1038032313_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_0949be646c786012088b7cee6be93e91.jpg
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҿы аҵаҩцәа згәабзиараз зылшарақәа ԥкуи ахымхәацәеи рҵарадырра аиҿкаареи аԥсихологиа-рҵаратә цхыраара рыҭареи ирызкыз асеминар мҩаԥысит. Арҽеиратә педагогика аинститут аҟазауаа арҵаратә центр "Машук" аҿы зҟазара аизырҳараз акурсқәа ирылахәыз аԥснытәи рколлегацәа иҟарҵаз аҳәарала иааит. Урыстәыла Аҵарадырра аминистрра ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара ахырхарҭала аҳәынҭқарратә политика Адепартамент иҷыдоу арҵаратә ҭахра змоу ахәыҷқәа рҵараҵара аҟәша аиҳабы Таис Дациук лажәақәа рыла, Аԥсни Урыстәылеи ари ахырхарҭала еицхырааны аус еицырулоит. Асеминар рхы аладырхәит 60-ҩык арҵаҩцәа, урҭ ҩ-гәыԥкны еихшан. Актәи аҿы иалацәажәеит ихадоу арҵаратә ҩаӡараҿы ауадаҩрақәа змоу ахәыҷқәа рыцхраараз аусушьа, аҩбатәи аҿы – ацәажәара-хәыцратә усура аҷыдарақәеи ацәажәаратә еилахәарақәеи.Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ ин.н. Ада Кәарчелиаԥҳа иазгәалҭеит, иқәдыргылаз атемақәа ареспубликаҿы аинклюзивтә ҵарадырра аҿиаразы даара актуалра шрымоу. Лара лажәақәа рыла, зырхиара иаҿу аҵарадырразы азакәан апроект аҿы хазы игоу аинклиузиа иазку астатиа ыҟоуп, аха иҭшәоу аҟазаратә хырхарҭа змоу ауаа азыҟаҵамкәа, азакәан аԥҟарақәа аус руӡом.
https://sputnik-abkhazia.info/20250212/urystyla-adgylarala-asny-ashkolkhya-rdispanserizatsia-ialageit-aati-shkolk-ay-1053727564.html
аҟәа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0a/1038032313_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_dfc6876cfeac3c1c10cbe442f92c3ae3.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аҟәа
Урыстәылатәи арҵаҩцәа згәабзиара ԥку аҵаҩцәа рҵарадырразы асеминар мҩаԥыргеит
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҿы аҵаҩцәа згәабзиараз зылшарақәа ԥкуи ахымхәацәеи рҵарадырра аиҿкаареи аԥсихологиа-рҵаратә цхыраара рыҭареи ирызкыз асеминар мҩаԥысит.
Арҽеиратә педагогика аинститут аҟазауаа арҵаратә центр "Машук" аҿы зҟазара аизырҳараз акурсқәа ирылахәыз аԥснытәи рколлегацәа иҟарҵаз аҳәарала иааит.
Урыстәыла Аҵарадырра аминистрра ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара ахырхарҭала аҳәынҭқарратә политика Адепартамент иҷыдоу арҵаратә ҭахра змоу ахәыҷқәа рҵараҵара аҟәша аиҳабы Таис Дациук лажәақәа рыла, Аԥсни Урыстәылеи ари ахырхарҭала еицхырааны аус еицырулоит.
"Зылшарақәа ԥку, ихымхәоу аҵаҩцәа рзы аусуратә методқәеи атехнологиақәеи Аԥснытәи аҟазауаа разыҟаҵара иадҳәалахоит ахәҭа ду. Шәареи ҳареи хра злоу ашықәс ҳзыԥшуп ", – лҳәеит лара.
Асеминар рхы аладырхәит 60-ҩык арҵаҩцәа, урҭ ҩ-гәыԥкны еихшан. Актәи аҿы иалацәажәеит ихадоу арҵаратә ҩаӡараҿы ауадаҩрақәа змоу ахәыҷқәа рыцхраараз аусушьа, аҩбатәи аҿы – ацәажәара-хәыцратә усура аҷыдарақәеи ацәажәаратә еилахәарақәеи.
Аԥсны аҵара аминистр ихаҭыԥуаҩ ин.н. Ада Кәарчелиаԥҳа иазгәалҭеит, иқәдыргылаз атемақәа ареспубликаҿы аинклюзивтә ҵарадырра аҿиаразы даара актуалра шрымоу. Лара лажәақәа рыла, зырхиара иаҿу аҵарадырразы азакәан апроект аҿы хазы игоу аинклиузиа иазку астатиа ыҟоуп, аха иҭшәоу аҟазаратә хырхарҭа змоу ауаа азыҟаҵамкәа, азакәан аԥҟарақәа аус руӡом.