Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳагба алхрақәа рзы: ауаажәларра рхатәы позициа аарԥшра даара ихадоуп

Ҳагба алхрақәа рзы: ауажәларра рхатәы позициа аарԥшра даара ихадоуп
Анапаҵаҩра
ААУ аполитологиеи асоциологиеи ркафедра арҵаҩы Беслан Ҳагба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит игәаанагара, абжьаҭара иаҭахны изиԥхьаӡо.
Алхрақәа ирыбзоураны Аԥсны аполитикатә ԥсҭазаара ҭынчхап ҳәа сгәыӷуеит, имыцхәны аполитика ҳҽалаҳгалеит ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
"Ауажәларра рхатәы позициа аарԥшра даара ихадоуп. Уи Аԥсны ахада игәра ҳгоит ауп иаанаго. Ажәлар ахада данрыдыркылалак, аҳәаанырцәгьы ус дрыдыркылоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит, атәыла алхырҭатә ҭыԥқәа зегьы рышәқәа аадыртит асааҭ 08:00 рзы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал. Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.
Ажәабжьқәа зегьы
0