https://sputnik-abkhazia.info/20250220/urystyla-ashkolt-vtobusa-aa-zhaba--asny-amas-ianaeit--1053853626.html
Урыстәыла ашколтә автобусқәа аҽа жәаба Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит
Урыстәыла ашколтә автобусқәа аҽа жәаба Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Урыстәыла ашколтә автобусқәа аҽа жәаба Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит. 20.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-20T15:32+0300
2025-02-20T15:32+0300
2025-02-21T00:47+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/14/1053852089_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_ef7fc4746cfb2409abee00b7afa08e32.jpg
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Урыстәыла ашколтә автобусқәа аҽа жәаба Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит. Ари аполитик Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра анагӡара иалҵшәоуп. Гәынба иҳәеит автобус ҿыцқәа рзы 47 школ рҟынтәи азыҳәақәа шрымаз, урҭ рҟынтәи 30 школ автобусла ишеиқәыршәоу. Аполитик урыстәылатәи иколлегацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убасгьы иазгәеиҭеит, ҳазҭоу аамҭазы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра транспортла аиқәыршәаразы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысуа. 22-ҭыԥ змоу автобусқәа "Газель Next" иманшәалоу атәарҭақәеи хаҭалатәи ашәарҭадаратә маҟақәеи рыла еиқәыршәоуп. Амҩа уадаҩқәа рҿы ахархәаразы иҟаҵоуп. "Ҳара уажәы адизельтә "ПАЗик" ала ҳныҟәоит, аха уи ажәит. Амҩақәа зехьынџьара ибзиам, аҭыжаарақәа ыҟоуп, аныҟәара уадаҩуп. Асеиԥш иҟоу автобус ала еиҳа еиӷьхоит", — иҳәеит Очамчыра араион аҟынтәи ашколтә автобус аныҟәцаҩ Бедик. Урыстәыла 20 втобус Аԥсныҟа иаанашьҭхьан жәабранмза 11 рзы. Ареспублика араионқәа зегьы ирзеихшан, атранспорт азымхара ахьыҟам Аҟәа ақалақь аламҵакәа. Ашколқәа автобус ҿыцқәа рыла реиқәыршәара анаҩстәи ахәҭа аиҿкаара аҩ-ҳәынҭқаррак рҵарадырра аминистррақәа рылацәажәоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/14/1053852089_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_0d445ec8fb781f652658a17cf705521e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Урыстәыла ашколтә автобусқәа аҽа жәаба Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит.
Ари аполитик Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра анагӡара иалҵшәоуп.
Гәынба иҳәеит автобус ҿыцқәа рзы 47 школ рҟынтәи азыҳәақәа шрымаз, урҭ рҟынтәи 30 школ автобусла ишеиқәыршәоу.
"Сгәы иаанагоит ашколқәа аԥхьаҟагьы ацхыраара рыҭараз алшарақәа ҳауеит ҳәа", — иҳәеит иара.
Аполитик урыстәылатәи иколлегацәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит, иара убасгьы иазгәеиҭеит, ҳазҭоу аамҭазы Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра транспортла аиқәыршәаразы аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысуа.
22-ҭыԥ змоу автобусқәа "Газель Next" иманшәалоу атәарҭақәеи хаҭалатәи ашәарҭадаратә маҟақәеи рыла еиқәыршәоуп. Амҩа уадаҩқәа рҿы ахархәаразы иҟаҵоуп.
"Ҳара уажәы адизельтә "ПАЗик" ала ҳныҟәоит, аха уи ажәит. Амҩақәа зехьынџьара ибзиам, аҭыжаарақәа ыҟоуп, аныҟәара уадаҩуп. Асеиԥш иҟоу автобус ала еиҳа еиӷьхоит", — иҳәеит Очамчыра араион аҟынтәи ашколтә автобус аныҟәцаҩ Бедик.
Урыстәыла 20 втобус Аԥсныҟа иаанашьҭхьан жәабранмза 11 рзы. Ареспублика араионқәа зегьы ирзеихшан, атранспорт азымхара ахьыҟам Аҟәа ақалақь аламҵакәа.
Ашколқәа автобус ҿыцқәа рыла реиқәыршәара анаҩстәи ахәҭа аиҿкаара аҩ-ҳәынҭқаррак рҵарадырра аминистррақәа рылацәажәоит.