Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҟәа иаатуеит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имши Донбасс ахақәиҭтәраз ИАА ирызку афотоцәыргақәҵа

© Sputnik / Марианна Кубрава Здание Дома Москвы
Здание Дома Москвы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Аԥсадгьыл ахьчаҩ имши Донбасс ахақәиҭтәра иазку иҷыдоу арратә аоперациеи ирызку афотоцәыргақәҵа аатуеит Аҟәа жәабран 24 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра апресс-маҵзура.
Ацәыргақәҵа шьақәгылоуп ҩажәамз инареиҳаны аибашьра ахьцои аҳәаахьчаратә ҭыԥқәеи рҿы иҟоу урыстәылатәи ажурналистцәа иҟарҵаз 22 фотоҭыхымҭақәа рыла.
Дара ирныԥшуеит Киевтәи арежим аҭынч уааԥсыреи аграждантә хыбрақәеи ирырҭаз аахақәа. Аҟәа иҟоу "Москва Аҩны" аҿы еиҿкаахо афотоцәыргақәҵа аҭааҩцәа рзы иаартызаауеит мчыбжьык.
Апроект "Ҳара ахара рыдаҳҵоит!" цәырыргахьеит атәылақәа рҿы, иара убас Белоруссиа, Венгриа, Перу, Аахыҵ Уаԥстәыла, Узбекистан.
Абхазский государственный драматический театр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2025
Аԥсны
Аԥсни Ҟрыми рсахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа аартызаауеит Аҟәа хәажәкыра анҵәамҭанӡа
Ажәабжьқәа зегьы
0