Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Аҟәа имҩаԥысит Аԥсадгьыл ахьчаҩ имши ИАА алагара хышықәса ахыҵреи ирызкны аусмҩаԥгатә

© Sputnik Мероприятие ко Дню защитника и годовщине начала СВО прошло в Доме Москвы
Мероприятие ко Дню защитника и годовщине начала СВО прошло в Доме Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аԥсадгьыл ахьчаҩ имши Иҷыдоу арратә аоперациа алагара хышықәса ахыҵреи ирызкыз аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Аҟәа "Москва Аҩны" аҿы.
Аиҿкааҩцәа иаадыртит афотоцәыргақәҵа "Ҳара ахара рыдаҳҵоит". Уаҟа ицәыргоуп 20 мзы инареиҳаны аибашьра ахьцо иҟаз урыстәылатәи афотожурналистцәа иҟарҵаз рфотосахьақәа.
Еизаз рҿаԥхьа дықәгылеит аоператә шәаҳәаҩы Нана Черқьезиаԥҳа, ашколхәыҷқәа Иҷыдоу арратә аоперациа иазкны ажәеинраалақәа ирыԥхьеит, иддырбеит RT иҭнахыз афильм "Аиҳәшьцәа агәыразцәа".
"Иахьа, жәабран 24 Иҷыдоу арратә аоперациа аналагаз амш ауп. Убри инамаданы иазгәасҭарц сҭахуп, ҳаԥсуа ҩызцәа рлагала украинатәи анацизм иаҿагыланы ақәԥараҿы", — иҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакратә усбарҭа аиҳабы Владислав Куликов.
Аԥсны атәылахьчара аминистр ин.н ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа иҳәеит, Россотрудничество Ахаҭарнакра еиҿнакааз аусмҩаԥгатә акыр зҵазкуа акәны ишиԥхьаӡо.
"Иахьа ҳара ҳаибашьцәа, Урыстәыла, Аԥсны, егьырҭ атәылақәа реибашьрақәа, Урыстәыла мацара акәымкәа, ауаатәыҩса зегьы рхақәиҭразы иқәԥоит, рхатәы бызшәала ацәажәара, рдинхаҵара ахақәиҭразы" — ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ еиҳабы Евгени Иаковлев.
Ажәабжьқәа зегьы
0