https://sputnik-abkhazia.info/20250224/akkh-aiaby-azhurnalisttsa-rzy-imaigaz-abrifing-any-dygyleit--1053900844.html
АКХ аиҳабы ажурналистцәа рзы имҩаԥигаз абрифинг аҟны дықәгылеит
АКХ аиҳабы ажурналистцәа рзы имҩаԥигаз абрифинг аҟны дықәгылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Административтә лшарақәа рхархәара, мамзаргьы алхыҩцәа аҵарҭыша рыҭара иадҳәалоу афактқәа рылаҳәара алыршахоит урҭ афактқәа... 24.02.2025, Sputnik Аҧсны
2025-02-24T20:00+0300
2025-02-24T20:00+0300
2025-02-24T20:56+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0f/1053804732_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_8158c40bbf3218f8e9aee36376071cea.jpg
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Административтә лшарақәа рхархәара, мамзаргьы алхыҩцәа аҵарҭыша рыҭара иадҳәалоу афактқәа рылаҳәара алыршахоит урҭ афактқәа Апрокуратура хада ишьақәыргыланы аӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәазар. Абри атәы иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада анаԥхгаҩы ажурналистцәа рзы имҩаԥгаз абрифинг аҿы. АКХ ас еиԥш иҟоу афактқәа рышьақәыргылара азин амаӡам ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан. АКХ алахәылацәа зегьы еицҿакны агәра ганы иҟоуп Акомиссиа уи анагӡаразы иалшо зегьы шыҟанаҵо. Иара убас, алхратә ҭыԥ хадақәеи алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны аус шыруо, џьара ааԥхьарақәак ҟалар АКХ иамоу азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭак ҟанаҵоит. Маршьан иара убасгьы агәра диргеит Алхратә комиссиа хада ақәыӷәӷәара шамам. "Аӡәы ус еиԥш иҭаххаргьы иалшаӡом, избанзара ара зегьы зус здыруа роуп иҟоу",— иҳәеит Маршьан.
https://sputnik-abkhazia.info/20250216/akkh-asny-akhada-ialkhraa-abati-rtur-aloit-khazhkyra-1-azy--1053807906.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/02/0f/1053804732_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_497c2f26d6af5e98ad31981d792091bf.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
ажәабжьқәа, аԥсны, аԥсны ахада иалхрақәа - 2025
АКХ аиҳабы ажурналистцәа рзы имҩаԥигаз абрифинг аҟны дықәгылеит
20:00 24.02.2025 (ирҿыцуп: 20:56 24.02.2025) АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Административтә лшарақәа рхархәара, мамзаргьы алхыҩцәа аҵарҭыша рыҭара иадҳәалоу афактқәа рылаҳәара алыршахоит урҭ афактқәа Апрокуратура хада ишьақәыргыланы аӡбарҭа ишьақәнарӷәӷәазар.
Абри атәы иҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада анаԥхгаҩы ажурналистцәа рзы имҩаԥгаз абрифинг аҿы. АКХ ас еиԥш иҟоу афактқәа рышьақәыргылара азин амаӡам ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.
Иара иргәалаиршәеит Аԥсны ахада иалхрақәа рыбжьыҭара аҩбатәи атур аҟынӡа мчыбжьыкгьы шагым, насгьы арҭ амшқәа алхратә закәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгазарц азы ааԥхьара ҟаиҵеит.
АКХ алахәылацәа зегьы еицҿакны агәра ганы иҟоуп Акомиссиа уи анагӡаразы иалшо зегьы шыҟанаҵо.
Иара убас, алхратә ҭыԥ хадақәеи алхратә ҭыԥқәа ркомиссиақәа азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны аус шыруо, џьара ааԥхьарақәак ҟалар АКХ иамоу азинмчы аҳәаақәа ирҭагӡаны аҭак ҟанаҵоит.
Маршьан иара убасгьы агәра диргеит Алхратә комиссиа хада ақәыӷәӷәара шамам.
"Аӡәы ус еиԥш иҭаххаргьы иалшаӡом, избанзара ара зегьы зус здыруа роуп иҟоу",— иҳәеит Маршьан.