Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷба Германиа еиҿкаау ачарқьаз жәлар рфестиваль азы: ҳаигәырӷьоит иахьҳамоу

Амҷба Германиа еиҿкаау ачарқьаз жәлар рфестиваль азы: ҳаигәырӷьоит иахьҳамоу
Анапаҵаҩра
Германиа, Менхенгладбах имҩаԥысит есышықәсатәи ачарқьаз-аԥсуа жәлар еидызкыло афестиваль, жәлар ркультуратә центрқәа еиҿыркаауа. Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷба арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, афестиваль атрадициа атәы, насгьы уи еиднакыло.
Ачарқьаз-аԥсуа диаспора раԥшьгарала шықәсқәак ҵуеит Германиа афестиваль мҩаԥсуеижьҭеи. Уи еизнагоит Европа ахьынӡанаӡааӡо аҿар ргәыԥқәа. Еицлабуеит акәашареи ашәаҳәареи рҿы, авикторинақәа мҩаԥыргоит. Иаиааиз аҳамҭақәа роуеит. Даара ибзианы имҩаԥысуеит, ҳаигәырӷьоит уи ахьеиҿкаау, аҵак ду амоуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит, ҳәа азгәалҭеит лцәажәараҿы Амҷба.
"Ари афестиваль есышықәса жәабранмзазы имҩаԥысуеит. Ачарқьазцәа рыдагьы, афестиваль иалоуп, аԥсуаа, ауаԥсаа, даӷьсҭанаа. Иара аиҿкаара ибзоуроуп Иусуф Мықәба. Менхенгладбах иҟоу акультуратә центр напгхгара аиҭоит", - лҳәеит Амҷба.
Афестиваль еиднакылеит Германиа ақалақьқәа – Берлин, Бремен, Гамбург, Ганновер, Кельн, Миунхен, Ниурнберг, Штутгарт, Вупперталь рҟынтә ҳџьынџьуаа, иара убас Австриа, Бельгиа, Швеицариа рҟынтә адиаспора.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0