Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа ртеледебатқәа мҩаԥгахоит Аԥсуа телехәаԥшраҿы жәабран 27 рзы

© Sputnik / Томас ТхайцукВыборы президента Абхазии 2025
Выборы президента Абхазии 2025 - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 24 - Sputnik. Аԥсны ахадарахьы акандидатцәа Бадра Гәынбеи Адгәыр Арӡынбеи ртеледебатқәа мҩаԥгахоит Аԥсуа телехәаԥшраҿы жәабран 27 асааҭ 21:00 рзы.
Адырраҭара ҩ-сааҭки бжаки азыԥҵәоуп, уи аамҭа иалагӡаны акандидатцәа алхыҩцәа рахь иқәгылоит, Алхратә комиссиа хада иазнархиаз азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵоит, адебатқәа мҩаԥыргоит, ахыркәшаратә ажәахәқәа ҟарҵоит.
Азҵаарақәа ықәыргылахоит аԥсышәалеи урысшәалеи. Акандидатцәа 5-5 минуҭ рыҭахоит аҭак аҟаҵаразы.
Аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа мҩаԥысит жәабран 15 рзы. Акандидатцәа Бадра Гәынба абыжьқәа 46,38% заузи 36,9% зауз Адгәыр Арӡынбеи хәажәкыра акы азы имҩаԥысраны иҟоу аҩбатәи атур ахь инеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0