Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа ақәыргыламҭа "Мирандолина" иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кәыҵниаԥҳа ақәыргыламҭа "Мирандолина" иазкны
Анапаҵаҩра
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахәаԥшцәа ирызнархиеит акомедиа "Мирандолина". Аԥхьарбара азгәаҭоуп жәабран 26, 27рзы. Аспектакль ықәыргылоуп италиатәи акомедиограф Карло Гольдони иҩымҭала.
Ахҭысқәа зегь асасааирҭаҿы имҩаԥысуеит, уа иаԥшәымоу Мирандолина лыкәша-мыкәша. Ақәыргыламҭа арежиссиорс дамоуп Алхас Шамба. Аспектакль ҩымз раҟара аус адырулон. Ахаҿсахьа хада налыгӡоит актриса Есма Кәыҵниаԥҳа.
Аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0