Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла аҳақьымцәа Аԥсны ахәыҷқәа рдиспансеризациа аҩбатәи аетап хацдыркит

© SputnikВторой этап диспансеризации начался в Абхазии
Второй этап диспансеризации начался в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 25 - Sputnik. Урыстәыла аҳақьымцәа Аԥсны ахәыҷқәа рдиспансеризациа аҩбатәи аетап хацдыркит.
Уажәы раԥхьатәи агәаҭараан згәабзиараҟны ауадаҩрақәа аарԥшыз ахәыҷқәа инарҭбаау агәаҭара иахрыжьуеит.
Убас, бжьышықәса зхыҵуа Наалеи жәаҩа шықәса зхыҵуа Арианеи ахыхь ишаргәаҟуаз рҳәеит, анаҩс ЕКГ рызгәарҭан, уаҟа аилагарақәа рыдырбалеит. Иахьа рыгәқәа УЗИ рзыҟарҵоит.
"Аԥсны ахәыҷтәы кардиологцәеи акардиохирургиатә ҟәшақәеи ыҟаӡам. Убри аҟнытә ас еиԥш ачымазарақәа змоу ахәыҷқәа зегьы ареспублика анҭыҵ, Урыстәылаҟа иҳашьҭуеит", — ҳәа лҳәеит ахәыҷтәы кардиолог Ирина Бондарева.
Аӡӷабцәа аелектроенцефалографиа (ЕЕГ) рхы иадырхәеит, рхи рыхәдеи УЗИ ҟарҵеит. Убри ала еилкаахеит Наала лгәабзиара шеиқәшәаз. Аха Ариана "щитовидная Железа" захьӡу лцәеижьхәҭа апроблемақәа шамаз аарԥшын.
Ахәыҷқәа рҭаацәеи дареи еицны Аԥсны зусура иацызҵо урыстәылатәи аҳақьымцәа ирыдҵааларц рылшоит. Иаҭаххар, Урыстәыла инарҭбаау ацхыраара роуеит.
"Ҳара ҳзы аквалификациа змоу урыстәылатәи аҳақьымцәа Аԥсныҟа раара даара акраҵанакуеит. Ҳара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит урҭ араҟа ас еиԥш агәаҭарақәа ахьымҩаԥырго", — лҳәеит Наала лан Ека Чалигаа.
Бадра Гәынбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыбзоурала Аԥсны ахәыҷқәа рдиспансеризациа амҩаԥгаразы амҽхак ду змоу акциа амҩаԥгара алыршахеит. Лаҵарамза анҵәамҭанӡа аҳақьымцәа 25 нызқьҩык инареиҳаны ауаа адиагностика рзымҩаԥгара ргәы иҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0