Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла Аԥсны ашколқәа рзы даҽа жәа-втобуск ҳамҭас иаанашьҭит

© SputnikРоссия подарила школам Абхазии еще 10 автобусов
Россия подарила школам Абхазии еще 10 автобусов - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Урыстәыла Аԥсны ашколқәа рзы даҽа жәа-втобуск "Газель Next" ҳамҭас иаанашьҭит.
Москва, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ареспублика иаҭаараан ихахьы иигаз ахыдҵақәа рынагӡара иаҿуп.
"Уаанӡа ҳара ашколхәыҷқәа рзы атранспорт ҳамамызт, аҭаацәа рхала ишрылшоз ала иргон-иааргон. Ахәыҷқәа рзы даара ихәарҭахоит", — иҳәеит Тҟәарчал ашколқәа руак автобус аныҟәцаҩ.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Урыстәыла Аԥсны ҳамҭас ианаҭеит 40 автобус.
Абас ала, ашколтә втобусқәа рзы Аԥсны иамоу аҭахрақәа шамахамзар зегьы нагӡахеит ҳәа азгәеиҭеит Аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Инал Габлиа.
Бадра Гәынба иҳәеит зхы иамыхәо ахәыҷқәа рзы аусбарҭақәа иҷыдоу атранспорт ала реиқәыршәаразы урыстәылатәи иколлегацәа рахь аҳәара ҟаиҵарц игәы ишҭоу.
Кәарҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит Урыстәылантәи Аԥсны ашколқәа рзы автобусқәа шырзаарҭиуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2025
Аԥсны
Кәарҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит Урыстәылантәи Аԥсны ашколқәа рзы автобусқәа шырзаарҭиуа
Ажәабжьқәа зегьы
0