Урыстәыла

Валентина Матвиенко Бадра Гәынба Аԥсны ахадас иалхра идылныҳәалеит

© Sputnik / Пресс-служба Совета Федерации РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание Совета Федерации РФ
Заседание Совета Федерации РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. Валентина Матвиенко Бадра Гәынба Аԥсны ахадас иалхра идылныҳәалеит.
Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы инаҵшьны иазгәалҭеит алхрақәа рҿы Гәынба иигаз аиааира ажәлар иара иахь ирымоу агәрагара, напхгаҩык иаҳасабала иҟазшьақәа разхаҵара, идикыло аполитикатә ӡбамҭақәа рзы аҭакԥхықәра аныҟәгара шилшо шаҳаҭра шазнауа.
"Агәра ганы сыҟоуп, аҳәынҭқарра ахада иаҳасабала Шәара шәусура иабзоураны амилаҭтә ҳәоуеиқәшәара шыҟало, аҩнуҵҟатәи аполитикатә ҭышәынтәалара шышьақәыргылахо, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу апроблемақәа қәнагала рыӡбара ишацхраауа", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Аԥсны ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысит. Аиааира игеит Бадра Гәынба, иара иоуит 57% алхыҩцәа рыбжьқәа.
Президент Владимир Путин встретился с секретарем ЦК Трудовой партии Кореи Ли Хи Ёном - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2025
Урыстәыла
Владимир Путин Бадра Гәынба Аԥсны ахадас иалхра идиныҳәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0