Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәынба: Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еихаҳауеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла

© Sputnik / Томас ТхайцукБадра Гунба
Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 3 - Sputnik. Аԥсны аҳәынҭкарра ахадас иалху Бадра Гәынба аҵыхәтәантәи аашықәсқәа рзы Урыстәылеи ҳареи ҳаимадара аԥсыҽхара иаҿын, уи аизырҳаразы аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахоит.
"Урыстәылеи ҳареи ҳаимадара ԥсыҽхон. Иҽеим аҭагылазаашьақәа усеиԥш шыҟаз азы еилыкка иҟоу ҿырԥшуп", — иҳәеи Бадра Гәынба.
Иара иазгәеиҭеит, аусхкқәеи ахырхарҭақәеи зегьы рыла Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара аҵак ду шамоу.
"Ижәдыруеит, ахырхарҭақәа зегьы рҿы ауадаҩрақәа шҳамоу, аха зегь реиҳа ихадоу, раԥхьаӡа иргыланы иӡбатәу аенергетикатә усхк, амедицина, аҵарадырра роуп .Сара иазысыԥхьаӡоит урыстәылатәи ҳколлегацәа ҳавагыларц ахьырҭаху ишьахәу дырроуп ҳәа, ԥхьаҟа ҳҳәынҭқарра аизҳаразы, Аԥсны ажәлар реизҳазыӷьаразы, ҳҳәынҭқарра арӷәӷәаразы" — иҳәеит иара.
Гәынба ииашаӡам ҳәа ахиҳәааит алхрақәа рышьҭахь Урыстәыла Аԥсны ацхыраара аҭара ааннакылоит ҳәа иҟоу ажәабжь азы.
"Алхрақәа рышьҭахь Урыстәыла Аԥсны ацхыраара аҭара ааннакылоит ҳәа ирыҩуа иашаӡам. Хымԥада Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рымҽхак ҳарҭбаауеит" - ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахадас иалху.
Бадра Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2025
Аԥсны
Аԥсны АКХ ирыланаҳәеит атәыла ахадас дшалху Бадра Гәынба
Ажәабжьқәа зегьы
0