Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла Арбџьармчқәа мчыбжьык ала Иҷыдоу арратә операциа азонаҿы 7 хықәкык ааха рырҭеит

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБоевая работа артиллеристов 25 армии на Краснолиманском направлении
Боевая работа артиллеристов 25 армии на Краснолиманском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2025
Анапаҵаҩра
Иара убасгьы хәажәкырамза 6-7 руыха, илшарамчу абџьари адронқәеи рыла украинатәи арра-ааглыхратә комплекс аусура еиҿызкаауаз агаз-енергиатә аинфраструктуратә ҭыԥқәа ааха рырҭеит.
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа хәажәкыра 1 инаркны 7 рҟынӡа Иҷыдоу арратә операциа азонаҿы ихықәкылатәу быжь-аахак ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра.

Ажәылара иахықәкын арратә ҳаирбаӷәазақәа ринфраструктура, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыҵәахырҭақәеи разыҟаҵарҭақәеи, аџьаԥҳаны ашьҭаҵарҭақәеи, ашхәақәа ргыларҭақәа, украинатәи ари аҳәаанырцәтәи аибашьцәеи ргыларҭақәа, аӷа итехника.

Иарбоу аамҭазы рхы иақәиҭтәын аиланхарҭақәа: Скудное, Бурлацкое, Привольное, Андреевка. Иара убас, аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит JDAM ҳәа изышьҭоу авиациатә бомбақәа 21, аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS, ареактивтә ракетақәа хәба, украинатәи адронқәа 637. Амчыбжь аҩныҵҟа 35-ҩык украинатәи аруаа тҟәан.
Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 656 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 45 471, 600 ЗРК, 22 076 танки егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи, РСЗО амашьынақәа 1 523, артиллериеи аминаршәгақәеи 22 333, иҷыдоу аибашьыгатә автомабилтә техника 32 573 ак.
Боевое слаживание штурмовиков и расчетов БПЛА группировки Запад на Краснолиманском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2025
Урыстәыла
Урыстәыла уахык ала икарыжьит украинатәи аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа 39
Ажәабжьқәа зегьы
0