Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи Арбџьармчқәа украинатәи МиГ-29 ҭадырхеит

© Sputnik / Сергей Бобылев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпецназ "Ахмат в селе Русское Поречное Курской области
Спецназ Ахмат в селе Русское Поречное Курской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа украинатәи МиГ-29 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, уахыкала иҭадырхеит JDAM ҳәа изышьҭоу авиациатә бомбақәа хәба, HIMARS аицҭырҟьаратә системақәа быжьба, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 50.
Урыстәыла аоперативтә-тактикатә авиациеи, аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәеи, артиллериеи аракетатә мчқәеи ааха ӷәӷәа рырҭеит 152 раион рҿы украинатәи ари аҳәаанырцәтәи аибашьцәеи, аӷа итехникеи.
Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп: 657 ҳаирплан, 283 вертолиот, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 45 927, 600 ЗРК, 22 097 танки егьырҭ аибашьыгатә кәылӡмашьынақәеи, РСЗО амашьынақәа 1526, артиллериеи аминаршәгақәеи 22 403, иҷыдоу аибашьыгатә автомабилтә техника 32 658 ак.
Ажәабжьқәа зегьы
0