Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Беииаԥҳа Арӡынба ииубилеи шықәсазы амузеи еиҿнакаауа ауснагӡатәқәа ртәы

Хра злоу ахҭысқәа: Беииаԥҳа Арӡынба ииубилеи шықәсазы амузеи еиҿнакаауа ауснагӡатәқәа ртәы
Анапаҵаҩра
Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, жәлар рԥыза ииубилеи шықәсазы иарбан уснагӡатәқәоу еиҿыркаауа, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Владислав Арӡынба диижьҭеи 80 шықәса аҵра инамаданы агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы акомиссиа аԥҵоуп Аԥсны ахада и.н. Бадра Гәынба иусԥҟала. Акомиссиа напхгара аиҭоит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ и.н., аенергетикеи атранспорти рминистр и.н. Џьансыхә Нанба. Уи иалахәуп аминистррақәеи аусбарҭақәеи, амассатә информациатә хархәагақәа, Апарламент, Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет, Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Ҳаамҭазтәи Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, Аԥсны раԥхьатәи ахада, аҵарауаҩ нага Владислав Арӡынба диит 1945 шықәса лаҵарамза 14 рзы, Ешыра. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкырамза 4 рзы, 64 шықәса дшырҭагылаз.
Ажәабжьқәа зегьы
0