https://sputnik-abkhazia.info/20250323/asnyti-astudenttsa-alakhyn-podmoskovie-imaysuaz-aforum-akinolaboratoria--1054208646.html
Аԥснытәи астудентцәа алахәын Подмосковие имҩаԥысуаз "Акинолабораториа" афорум
Аԥснытәи астудентцәа алахәын Подмосковие имҩаԥысуаз "Акинолабораториа" афорум
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахаҭарнакцәа ари аусмҩаԥгатә алахәхара алыршахеит Евразиа Акинематографист ҿарацәа рассоциациа Аҟәа имҩаԥнагаз аиԥылара ашьҭахь. 23.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-23T13:20+0300
2025-03-23T13:20+0300
2025-03-23T13:27+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/17/1054207852_0:0:1166:656_1920x0_80_0_0_f2cfed01dcbeadf3a104a22081ea5bd3.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аԥснытәи астудентцәа аҵарадырратә патриоттә форум "Акинолабораториа" актәи ахәҭа рхы аладырхәит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект иалахәу руаӡк Дана Сабанова.Сабанова лажәақәа рыла, дара ззанааҭҩаӡара ҳараку акинематографистцәа рыҿцәажәара рылшеит, амастер-классқәа ирҭааит. Сабанова лхаҭа афильм кьаҿк аҿгьы дыхәмаруан, афронт аҟынтәи ихынҳәра иазыԥшу афицар иԥҳәыс лроль налыгӡеит. Асценариа шьаҭас иаман аибашьра иацәынхаз асалам шәҟәы. Иара убас, лара илҳәеит Евразиа Акинематографист ҿарацәа рассоциациа ацхыраарала, Аԥснынтәи акинематографиахь зшьаҿа еихызгаз ишаԥырҵо Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкны адокументалтә фильм.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/17/1054207852_62:0:1090:771_1920x0_80_0_0_45d1b2d6bf5e40a0dc1f3553c0314443.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Аԥснытәи астудентцәа алахәын Подмосковие имҩаԥысуаз "Акинолабораториа" афорум
13:20 23.03.2025 (ирҿыцуп: 13:27 23.03.2025) Аԥсны ахаҭарнакцәа ари аусмҩаԥгатә алахәхара алыршахеит Евразиа Акинематографист ҿарацәа рассоциациа Аҟәа имҩаԥнагаз аиԥылара ашьҭахь.
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Аԥснытәи астудентцәа аҵарадырратә патриоттә форум "Акинолабораториа" актәи ахәҭа рхы аладырхәит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит апроект иалахәу руаӡк Дана Сабанова.
"Апроект Аԥснынтәи 11-ҩык алахәуп, иара мҩаԥысуан "Аиааира 9/45" ҳәа изышьҭоу жәларбжьаратәи аиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи алахәхара алыршахеит Евразиа Акинематографист ҿарацәа рассоциациа (МАКЕ) Аҟәа имҩаԥнагаз аилатәара ашьҭахь", - ҳәа азгәалҭеит лара.
Сабанова лажәақәа рыла, дара ззанааҭҩаӡара ҳараку акинематографистцәа рыҿцәажәара рылшеит, амастер-классқәа ирҭааит.
Сабанова лхаҭа афильм кьаҿк аҿгьы дыхәмаруан, афронт аҟынтәи ихынҳәра иазыԥшу афицар иԥҳәыс лроль налыгӡеит. Асценариа шьаҭас иаман аибашьра иацәынхаз асалам шәҟәы.
Иара убас, лара илҳәеит Евразиа Акинематографист ҿарацәа рассоциациа ацхыраарала, Аԥснынтәи акинематографиахь зшьаҿа еихызгаз ишаԥырҵо Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкны адокументалтә фильм.