https://sputnik-abkhazia.info/20250324/khra-zlou-akhysa-gergia-asua-chai-iamou-azlymara-aty-1054188081.html
Хра злоу ахҭысқәа: Гьергьиа аԥсуа чаи иамоу азҿлымҳара атәы
Хра злоу ахҭысқәа: Гьергьиа аԥсуа чаи иамоу азҿлымҳара атәы
Sputnik Аҧсны
Москва имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа МИТТ-2025 аҟны Аԥсны апавилион иадҵаалоз асасцәа азҿлымҳара ззыруаз акы акәхеит аԥсуа чаи. Ицқьоу... 24.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-24T11:01+0300
2025-03-24T11:01+0300
2025-03-24T11:07+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
хра злоу ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/15/1054188188_0:0:2868:1614_1920x0_80_0_0_6075aed72fa28bbd76156f7d7f161eeb.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Гьергьиа аԥсуа чаи иамоу азҿлымҳара атәы
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Гьергьиа аԥсуа чаи иамоу азҿлымҳара атәы
Москва имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа МИТТ-2025 аҟны Аԥсны апавилион иадҵаалоз асасцәа азҿлымҳара ззыруаз акы акәхеит аԥсуа чаи. Ицқьоу аекологиатә аалыҵ ҳаамҭазы афеида маҷны ишацугьы, уи аԥеиԥш агәра зго, ачаи аарыхра знапы алаку Адгәыр Гьергьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ацәыргақәҵа алахәхара ирзаанартуа алшара ҿыцқәа, шаҟа хкы ачаи ҭрыжьуа, раалыҵ хәшьарас иарҭаз агьама збаз, рџьабаа бзабааны иахьынӡарԥыло атәы.Хәажәкыра 18 - 20 рзы Москва имҩаԥысуаз Атуризми асасдкылара аиндустриеи XXIX жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа - MITT иалахәын Аԥснытәи аделегациа. Аԥсуа стенд аҭааҩцәа кәтолтәи ачаи еиуеиԥшым ахкқәа агьама ддырбеит, ауаа иргәаԥхеит."Ҳара хәба-фба чаи хкы ҟаҳҵо ҳалагеит ҳазҭысыз ашықәс азы. Зегьы рыхкқәа ҳаманы ҳцеит, ачаи агьама дҳарбон. Инагӡаны еилызкаауа ыҟоуп, зегьы рыхкы аинтерес рымоу. Ҳанцоз авидеороликқәа ҳгеит, идҳарбеит ҳчаи аплантациақәа, ачаи аус шадаҳуло. Аинтерес рымоуп, иаарц зҭаху рацәаҩуп. Аус адҳамулар ауӡом, ахашәалахәы маҷны иҟоуп иахьа, аха шьҭа аҵыхәтәантәи ҩышықәса аџьабаа иаҳбо абжакы ахы ҭнаго иҟалахьеит", - иҳәеит Гьергьиа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.Ацәыргақәҵа MITT иалахәын 59 тәылеи Урыстәыла 83 региони рҟнытә 16-нызқьҩык инареиҳаны атуристтә индустриа аспециалистцәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/15/1054188188_0:0:2732:2048_1920x0_80_0_0_31470bfc6bdc0ffd659d5bb5206504ab.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
аԥсны, аподкаст, хра злоу ахҭысқәа, аудио
Москва имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа МИТТ-2025 аҟны Аԥсны апавилион иадҵаалоз асасцәа азҿлымҳара ззыруаз акы акәхеит аԥсуа чаи. Ицқьоу аекологиатә аалыҵ ҳаамҭазы афеида маҷны ишацугьы, уи аԥеиԥш агәра зго, ачаи аарыхра знапы алаку Адгәыр Гьергьиа
арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ацәыргақәҵа алахәхара ирзаанартуа алшара ҿыцқәа, шаҟа хкы ачаи ҭрыжьуа, раалыҵ хәшьарас иарҭаз агьама збаз, рџьабаа бзабааны иахьынӡарԥыло атәы.
Хәажәкыра 18 - 20 рзы Москва имҩаԥысуаз Атуризми асасдкылара аиндустриеи XXIX жәларбжьаратәи рцәыргақәҵа - MITT иалахәын Аԥснытәи аделегациа. Аԥсуа стенд аҭааҩцәа кәтолтәи ачаи еиуеиԥшым ахкқәа агьама ддырбеит, ауаа иргәаԥхеит.
"Ҳара хәба-фба чаи хкы ҟаҳҵо ҳалагеит ҳазҭысыз ашықәс азы. Зегьы рыхкқәа ҳаманы ҳцеит, ачаи агьама дҳарбон. Инагӡаны еилызкаауа ыҟоуп, зегьы рыхкы аинтерес рымоу. Ҳанцоз авидеороликқәа ҳгеит, идҳарбеит ҳчаи аплантациақәа, ачаи аус шадаҳуло. Аинтерес рымоуп, иаарц зҭаху рацәаҩуп. Аус адҳамулар ауӡом, ахашәалахәы маҷны иҟоуп иахьа, аха шьҭа аҵыхәтәантәи ҩышықәса аџьабаа иаҳбо абжакы ахы ҭнаго иҟалахьеит", - иҳәеит Гьергьиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ацәыргақәҵа MITT иалахәын 59 тәылеи Урыстәыла 83 региони рҟнытә 16-нызқьҩык инареиҳаны атуристтә индустриа аспециалистцәа.