Урыстәыла

Урыстәыла "Арратә журналистика аветеран" ҳәа ахьӡ алагаларазы ажәалагала ҟаҵоп

© Sputnik / Сергей Бобылев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота батальонной тактической группы "Каштана" спецназа "Ахмат" в Курской области
Работа батальонной тактической группы Каштана спецназа Ахмат в Курской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2025
Анапаҵаҩра
Иҳаҩсыз хымш рыҩнуҵҟа Украина Арбџьармчқәа ржәыларақәа ирыхҟьаны афедералтә АИХ-қәа русзуҩцәа бжьҩык ааха роуит, хҩык ахәрақәа роуит, ԥшьҩык ҭахеит.
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Урыстәыла Ацифратә ҿиареи, аимадареи, амассатә коммуникациақәеи рминистрра ажәалагала ҟанаҵоит "Аветеранцәа рзы" азакәан ахь "Арратә журналистика аветеран" ҳәа ахьӡ алагаларазы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа ахатәы Telegram-канал.
"Ҳжурналистцәа аӡәырҩы еилашуа аҭыԥқәа рҿы аус руеит. Урҭ абџьар рымаӡам, арратә усмҩаԥгатәқәа ирылахәӡам, аха есыҽны рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭадыргылоит. Рыцҳарас иҟалаз, урҭ рҟынтә џьоукы ахәрақәа роуеит, уимоу иагьҭахоит. Ҳара ҳгәы иаанагоит, арратә журналистцәа аҳәынҭқарра аҟынтәи иназыцҵоу ацхыраара рҭахуп ҳәа", - ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
е Ари арратә корреспондентцәеи урҭ рҭаацәа рлахәылацәеи асоциалтә цхыраареи альготақәеи роура алнаршоит.
Уи адагьы, АОҶ (СВО) азонаҿы аус зуа ажурналистцәа рзы зныктәи ашәарақәа рышьақәыргыларазы ажәалагала ҟаҵоуп, урҭ ахәрақәа роур, ма иҭадырхар.
Цветы в память о погибшей журналистке Первого канала А. Прокофьевой - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2025
Аԥсны
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла арратә журналистцәа рҭахара инамаданы адышшылара ҟанаҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0