https://sputnik-abkhazia.info/20250330/eshba-tsandrysh-ayntylat-eibashra-du-abaa-argylarazy-agra-goit-ishatskhraaua--1054234501.html
Ешба Цандрыԥшь Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа аргыларазы: агәра ҳгоит ишҳацхраауа
Ешба Цандрыԥшь Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа аргыларазы: агәра ҳгоит ишҳацхраауа
Sputnik Аҧсны
Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа аргыларазы аҭагылазаашьа ыҟоума, Урыстәыла ахада игрант иаҵанакыр алшома, арадио Sputnik аефир... 30.03.2025, Sputnik Аҧсны
2025-03-30T09:00+0300
2025-03-30T09:00+0300
2025-03-30T11:38+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/1a/1054234618_0:0:1280:720_1920x0_80_0_0_8db3237b68fd8478da3419aaafa54bd2.jpg
Ешба Цандрыԥшь Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа аргыларазы: агәра ҳгоит ишҳацхраауа
Sputnik Аҧсны
Ешба Цандрыԥшь Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа аргыларазы: агәра ҳгоит ишҳацхраауа
Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа аргыларазы аҭагылазаашьа ыҟоума, Урыстәыла ахада игрант иаҵанакыр алшома, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы араион аҟны иаԥҵоу акомиссиа алахәыла, Цандрыԥшьтәи аҩбатәи абжьаратә школ аиҳабы Махаз Ешба.Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра инамаданы Урыстәыла ацхраауеит афырхацәа ргәалашәара иазку Аԥсны амемориалқәа реиҭашьақәыргылара. Урыстәыла ахада Владимир Путин хаҭала иҟаиҵаз адҵала уи аус аԥара азоужьуп.Цандрыԥшь аҳабла (анкьа Пилинково ҳәа изышьҭаз ақыҭа) аҟынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашҟа ицеит 250-ҩык инареиҳаны. Урҭ рыбжьара дыҟоуп данҭаха ашьҭахь Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы зхырҵаз Николаи Литвиненко.Ақыҭаҟны ахаҳә шьҭарҵахьан абаҟа аргыларазы. Урыстәыла ахада игрант иаҵанакырц, аҳаблаҟны абаҟа аргыларазы ашәҟәы алаҵан, агәрагара ҳамоуп ацхыраара шҳарҭо, иҳәеит Ешба."Миллионк узхаӡом абаҟа аргыларазы, еилкаау усуп. Убра ахаҳә ахьышьҭоу иаакәыршаны еиҿкаатәуп. Миллион мааҭ ҳзоужьхар, ҳаргьы иацҵаны иҟаҳҵон, хԥаҟа рҟынӡа иҳазтәоит абаҟа аиҿкаара", - иҳәеит Ешба.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/03/1a/1054234618_320:0:1280:720_1920x0_80_0_0_b187ee40e4f94682e768e95a0740f0e6.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Гагра араион Цандрыԥшь аҳабла Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду абаҟа аргыларазы аҭагылазаашьа ыҟоума, Урыстәыла ахада игрант иаҵанакыр алшома, арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы араион аҟны иаԥҵоу акомиссиа алахәыла, Цандрыԥшьтәи аҩбатәи абжьаратә школ аиҳабы Махаз Ешба.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиааира агара 80 шықәса ахыҵра инамаданы Урыстәыла ацхраауеит афырхацәа ргәалашәара иазку Аԥсны амемориалқәа реиҭашьақәыргылара. Урыстәыла ахада Владимир Путин хаҭала иҟаиҵаз адҵала уи аус аԥара азоужьуп.
Цандрыԥшь аҳабла (анкьа Пилинково ҳәа изышьҭаз ақыҭа) аҟынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ашҟа ицеит 250-ҩык инареиҳаны. Урҭ рыбжьара дыҟоуп данҭаха ашьҭахь Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы зхырҵаз Николаи Литвиненко.
Ақыҭаҟны ахаҳә шьҭарҵахьан абаҟа аргыларазы. Урыстәыла ахада игрант иаҵанакырц, аҳаблаҟны абаҟа аргыларазы ашәҟәы алаҵан, агәрагара ҳамоуп ацхыраара шҳарҭо, иҳәеит Ешба.
"Миллионк узхаӡом абаҟа аргыларазы, еилкаау усуп. Убра ахаҳә ахьышьҭоу иаакәыршаны еиҿкаатәуп. Миллион мааҭ ҳзоужьхар, ҳаргьы иацҵаны иҟаҳҵон, хԥаҟа рҟынӡа иҳазтәоит абаҟа аиҿкаара", - иҳәеит Ешба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.