https://sputnik-abkhazia.info/20250412/aa-iaatit-adgyr-iaria-itsyrgaa-1054460914.html
Аҟәа иаатит Адгәыр Ӡиӡариа ицәыргақәҵа
Аҟәа иаатит Адгәыр Ӡиӡариа ицәыргақәҵа
Sputnik Аҧсны
Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аус зуа ацәыргақәҵаҿы ицәыргоуп аҟаза иԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҟаҵаз 23 усумҭа. 12.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-12T19:25+0300
2025-04-12T19:25+0300
2025-04-12T19:38+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/0c/1054460292_1:0:1279:719_1920x0_80_0_0_88485eff66834ce3fc07dfbdc1db99f9.jpg
АҞӘА, мшаԥы 12 — Sputnik. Аҟәа "The Wall Gallery" аҿы иаатит асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа ицәыргақәҵа. Уаҟа ицәыргоуп 90-тәи ашықәсқәа инадыркны еиуеиԥшым аамҭақәа рзтәи 23 усумҭа. Урҭ еиҳарак аграфика маҷ ауп, акартон, мамзаргьы ақьаад бӷьыцқәа рҿы иҭыху асахьақәа роуп. Асахьаҭыхҩы ихаҭа иажәақәа рыла, ари еишьҭагыланы, мамзаргьы еишьҭагылоу аусумҭақәа рцикл акәӡам, стихиала ицәырҵуа аскетчқәа роуп. Иара ихаҭа урҭ "Адәҳәыԥш аҟны азгәаҭақәа" ҳәа рыхьӡиҵеит. Ацәыргақәҵа ҩымчыбжьа аус ауеит, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/0c/1054460292_161:0:1120:719_1920x0_80_0_0_71c6b7ccb128566a27601c503a1a4e5a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
ажәабжьқәа, аԥсны, акультура
Аҟәа иаатит Адгәыр Ӡиӡариа ицәыргақәҵа
19:25 12.04.2025 (ирҿыцуп: 19:38 12.04.2025) Ҩымчыбжь рыҩнуҵҟа аус зуа ацәыргақәҵаҿы ицәыргоуп аҟаза иԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҟаҵаз 23 усумҭа.
АҞӘА, мшаԥы 12 — Sputnik. Аҟәа "The Wall Gallery" аҿы иаатит асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа ицәыргақәҵа.
Уаҟа ицәыргоуп 90-тәи ашықәсқәа инадыркны еиуеиԥшым аамҭақәа рзтәи 23 усумҭа. Урҭ еиҳарак аграфика маҷ ауп, акартон, мамзаргьы ақьаад бӷьыцқәа рҿы иҭыху асахьақәа роуп.
Асахьаҭыхҩы ихаҭа иажәақәа рыла, ари еишьҭагыланы, мамзаргьы еишьҭагылоу аусумҭақәа рцикл акәӡам, стихиала ицәырҵуа аскетчқәа роуп. Иара ихаҭа урҭ "Адәҳәыԥш аҟны азгәаҭақәа" ҳәа рыхьӡиҵеит.
"Асахьаҭыхра ҭакԥхықәрала азнеира аҭахуп, уи ҭакԥхықәрала имҩаԥысуа процессуп. Абарҭ аусумҭақәа азгәаҭақәа роуп. Аха араҟа ахақәиҭра ыҟоуп, аматериал ахшыҩҵак хада ыҟаӡам, сара аҳәаа сымамызт, убри аҟнытә аусумҭақәа рхы иақәиҭуп. Уигьы ахатә ҟазшьала аинтерес аҵоуп", — ҳәа иҳәеит Адгәыр Ӡиӡариа.
Ацәыргақәҵа ҩымчыбжьа аус ауеит, аҩналара хәыда-ԥсадоуп.