Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аҳақьымцәа зныҟәара ԥку ачымазцәа рыҩныҟа инеины игәарҭеит

© SputnikРоссийские врачи в Абхазии осмотрели маломобильных пациентов на дому
Российские врачи в Абхазии осмотрели маломобильных пациентов на дому - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2025
Анапаҵаҩра
Мҽхакы ҭбаала адиспансеризациа амҩаԥгара алыршахеит Бадра Гәынбеи Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа рыбзоурала.
АҞӘА, мшаԥы 12 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳақьымцәа Аԥсны имҩаԥысуаз адиспансеризациа аҳәаақәа ирҭагӡаны зныҟәара ԥку ачымазцәа рыҩныҟа инеины игәарҭеит.
Аендокринолог, ауролог-андролог, ахәыҷтәы хирург, аофтальмолог уҳәа азанааҭ азҟазацәа рыла ишьақәгылоу агәыԥ Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони рҟны инхо аҭаацәарақәа ирҭааит.
"Иацы еилаҳкааит, уажәы аус ахьаҳуа ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь анеира зцәыуадаҩу ахәыҷқәа шыҟоу. Убри аҟнытә ҳара зегьы дара рахь ҳааит. Иахьынӡазалшо ала инарҭбаау аспециалистцәа злахәыз анҭыҵтәи аконсилиум мҩаԥаагеит, амаругақәа ааҳгеит", — ҳәа иҳәеит акардиолог Казбек Куданетов.
Ачымазцәа дыруаӡәкуп 19 шықәса зхыҵуа Саид Саманба, иара иӷәӷәоу ахшыбаҩтә ԥсыҽра имоуп. Саид иан Сусанна Анқәабԥҳа ааигәа игәалҭеит иҷыдоу ацәырҵрақәа.
Аҟаза анализқәа алҭарц лабжьаигеит, аха аҷкәын алабораториахь игара уадаҩуп.
"Иҟазаап аҩны иааны ахәыҷы дгәазҭо аҳақьымцәа. Уи сара сзы иаанаго шәхаҿы ишәзаагом. Ари аус иалахәу зегьы даараӡа иҭабуп ҳәа расҳәоит", — ҳәа лҳәеит лара.
Диспансеризация в школе интернат в Очамчыре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2025
Аԥсны
Урыстәылатәи аҳақьымцәа 12 нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа адиспансеризациаан игәарҭеит Аԥсны
Агәаҭара ашьҭахь, аҳақьымцәа ареабилитациазы абжьгарақәа ҟарҵеит, уи Урыстәыла иахысыр ҟалоит. Ҳаԥхьаҟа аспециалистцәа иара убас Ареспубликатә реабилитациатә центр аҭаара ргәы иҭоуп.
Мҽхакы ҭбаала адиспансеризациа амҩаԥгара жәабранмзазы иалагеит, ареспублика зегьы иахысны ихыркәшахоит лаҵарамза анҵәамҭаз.
Есыҽны Урыстәылатәи аҳақьымцәа ргәыԥқәа 4 ашколқәеи мамзаргьы ахәыҷбаҳчақәа рҿы аус руеит, 12- нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа гәарҭахьеит.
Иааизакны, ауснагӡа ишарбоу ала, 25-нызқьҩык рҟынӡа ахәыҷқәа гәарҭароуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0