Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ахада Иусбарҭа аиԥылараҿы аицлабра "Аԥсны акоманда" иалацәажәеит

© Foto / администрация президента АбхазииКонкурс "Команда Абхазии" обсудили на встрече в Администрации президента
Конкурс Команда Абхазии обсудили на встрече в Администрации президента - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2025
Анапаҵаҩра
"Аԥсны акоманда" аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адгыларала имҩаԥысуеит. Апроект жәабран 12 рзы ихацыркхеит, уи алахәхаразы 3 нызқьҩык инареиҳаны арзаҳалқәа аларҵеит.
АҞӘА, мшаԥы 13 Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәыла ахада Иусбарҭа аиҳабы Сергеи Новиков диԥылеит. Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аҩнуҵҟатәи аполитиказы аусбарҭа анаԥхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Антон Награлини аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" ахантәаҩы Андреи Бетини. Абри атәы аанацҳауеит аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика азы аицлабра "Аԥсны акоманда" аҵак ду шамоу.
"Урыстәылатәи Афедерациа аԥышәа ҳара ҳзы ахә ашьара уадаҩуп, ас еиԥш иҟоу аицлабрақәа ирыбзоураны, ҳусеицура ҳтәылазы хра злоу аусқәа шынанагӡо агәра ганы сыҟоуп", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Антон Награлин иҳәеит, ари аҩыза апрограмма "Урыстәыла аԥхьагылаҩцәа" атәылауаа рзанааҭтә еизҳара алнаршеит ҳәа.
"Зхы ԥызшәаз 30% инареиҳаны арҭ апрограммақәа рыла зыҽԥызшәаз рхы агәра ргеит. Шықәсқәак рышьҭахь, ари арбага 82% еизҳаит. Уи иаанагоит аиҳараҩык уажәы аҳәынҭқарратә маҵзура аҿы аусура зҭаху рзы иаарту алшарақәа шыҟоу агәра ргоит", — ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Андреи Бетин иҳәеит аицлабра ахыркәшара ари апрограмма аҵыхәтәа акәымкәа, ахәҭа ҿыц алагамҭоуп ҳәа. Иаарласны "Сенеж", "РАНХиГС" рҟны аҵаратә программа еиҿкаахоит, аиааира згаз Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аԥышәахысраз алшара роуеит.
"Аԥсны акоманда" аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" адгыларала имҩаԥысуеит. Апроект жәабран 12 рзы ихацыркхеит, уи алахәхаразы 3 нызқьҩык инареиҳаны арзаҳалқәа аларҵеит.
Команда Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2025
Аԥсны
Аицлабра "Аԥсны акоманда" ахәшьаратә ԥышәарақәа хыркәшоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0