Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥхынтәи акурорттә аамҭаан аӷьычрақәа рҿагыларазы аусура рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит Кьиут

© Sputnik / Томас ТхайцукРоберт Киут
Роберт Киут - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Аԥсны аԥхынтәи акурорттә аамҭаан аӷьычрақәа рҿагыларазы аусура рӷәӷәазарц адҵа ҟаиҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Роберт Кьиут.
2025 шықәса актәи аԥшьбаразы Аԥсны 21 ӷьычра аҭыԥ рыман, иҳаҩсыз ашықәс иара абри аамҭазы — 15.
"Аԥхынтәи акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Сгәанала, арбагақәа рыԥсахра аҭахуп, иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны урҭ аҳәаақәа ирҭыҵуеит, активла аусура амҩаԥгара хымԥадатәиуп", — ҳәа азгәеиҭеит Кьиут.
2025 шықәса актәи аԥшьбараз Аԥсны ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара еиҳа имаҷхеит иҳаҩсыз ашықәс уажәтәи аамҭахәҭа иаҿырԥшны.
Ажәабжьқәа зегьы
0