https://sputnik-abkhazia.info/20250416/asny-zhlar-reizara---aparlament-ay-zakanak-rakh-aiakraa-rydyrkyleit-1054496995.html
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҿы закәанқәак рахь аиҭакрақәа рыдыркылеит
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҿы закәанқәак рахь аиҭакрақәа рыдыркылеит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Ахаша, мшаԥы 16 рзы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҿы изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит, уи аҟны закәанқәак рахь аиҭакрақәа... 16.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-16T17:51+0300
2025-04-16T17:51+0300
2025-04-16T17:51+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны жәлар реизара аусура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/03/1054332731_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_ba84db251d1789e706b96f2882c1c1a7.jpg
АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Ахаша, мшаԥы 16 рзы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҿы изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит, уи аҟны закәанқәак рахь аиҭакрақәа рыдыркылеит.Убас, Аԥсны Жәлар Реизара Ақалақьргылареи аргылареи рзы азакәанеидкыла аиҭакрақәа аларгалеит актәи аԥхьарала. Аилыркааратә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп азакәанеидкыла мҽхакы ҭбаала ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны аԥышәаратә ус аҿы еилкаахеит ԥҟарақәак рынагӡара армариаразы аиҭакрақәеи ацҵарақәеи шаҭаху. Убас, азакәанеидкыла ахәҭаҷ 22 иацҵахоит апункт, уи инақәыршәаны аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа рзинмчрақәа реиқәыԥхьаӡа азакәанеидкыла егьырҭ ахқәа инарықәыршәаны иалкаауп. Ахәҭаҷ 70 4-тәи ахәҭаҿы иазгәаҭоуп ауаа ахьынхо аҭыԥқәа рҿы ахыбрақәа рескизтә проектқәеи рдәахьтәи ҭеҭыԥши заанаҵ аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәеи ақәыршаҳаҭлатәуп ҳәа. Ахәҭаҷ 74 аҿы аиҭакрақәа иалагало зыхҟьо акомпетенттә усбарҭақәа аргылара иныҭкааны рахәаԥшра ауп. Азакәан иҳәынҭқарратәуи иҳәынҭқарратәыми аекспертизақәа рынагӡара азыԥхьагәанаҭоит, аиҭакрақәа инарықәыршәаны иҳәынҭқарратәым аекспертиза алицензиа змоу ауаа рымацара роуп имҩаԥызгарц зылшо.Иара убас актәи аԥхьарала "Аахәарақәа рзы" азакәан апроект рыдыркылеит. Апарламент адепутат Резо Занҭариа иажәақәа рыла, апроект имариоу, иаарту аҳәынҭқарратә аахәарақәа рымҩаԥгара апроцесс аиҿкаара иазырхоуп. Уи, иара убасгьы агәазыҳәара змоу зегьы рзы иаарту аелектронтә платформа аԥҵара азыԥхьагәанаҭоит.Жәлар Реизара адепутатцәа аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа рыла ирыдыркылеит Аԥсны ашәахтә система ашьаҭа хадақәа ирызку азакәан ахь аиҭакрақәа. Иара ашәахтәқәа ианаамҭоу рымшәаразы ақәынкыла амҽхак аларҟәра азыԥхьагәанаҭоит, мышкы ахылара амҽхак 0,3% ахьтә 0,1% арҟынӡа ирмаҷхоит. Азакәан авторцәа ргәаанагарала, уаанӡа ахархәара змаз аԥаратә зыԥҵәа економикатә ҟазшьала иҵаҵӷәыдан, ашәахтә зшәоз ауадаҩрақәа рызцәырнагон. Уи адагьы, азакәан ашәарақәа риура ахылаԥшра аиӷьтәра иазырхоуп, уи ишәам ауалқәа рхыԥхьаӡареи рымҽхаки рырмаҷра иацхраауеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20250416/asny-aparlament-any-ishadyreit-araiont-baraa-abatsa-1054492286.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250416/zhlar-reizara-adeputattsa-azakan-arepatrianttsa-rzy-akh-ariasharaa-rydyrkyleit-1054491364.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250416/zhlar-reizara-azakan-aproekt-iaku-asotsialt-shakht-azy-akti-akharala-iadnakyleit-1054490859.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/03/1054332731_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_c45c7ee1a242f42e03895171d2cc95b8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны жәлар реизара аусура
ажәабжьқәа, аԥсны жәлар реизара аусура
АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Ахаша, мшаԥы 16 рзы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҿы изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит, уи аҟны закәанқәак рахь аиҭакрақәа рыдыркылеит.
Убас, Аԥсны Жәлар Реизара Ақалақьргылареи аргылареи рзы азакәанеидкыла аиҭакрақәа аларгалеит актәи аԥхьарала.
Аилыркааратә шәҟәаҿы иазгәаҭоуп азакәанеидкыла мҽхакы ҭбаала ауаажәларратә еизыҟазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит, аамҭа кьаҿк иалагӡаны аԥышәаратә ус аҿы еилкаахеит ԥҟарақәак рынагӡара армариаразы аиҭакрақәеи ацҵарақәеи шаҭаху.
Убас, азакәанеидкыла ахәҭаҷ 22 иацҵахоит апункт, уи инақәыршәаны аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа рзинмчрақәа реиқәыԥхьаӡа азакәанеидкыла егьырҭ ахқәа инарықәыршәаны иалкаауп.
Ахәҭаҷ 70 4-тәи ахәҭаҿы иазгәаҭоуп ауаа ахьынхо аҭыԥқәа рҿы ахыбрақәа рескизтә проектқәеи рдәахьтәи ҭеҭыԥши заанаҵ аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәеи ақәыршаҳаҭлатәуп ҳәа.
Ахәҭаҷ 74 аҿы аиҭакрақәа иалагало зыхҟьо акомпетенттә усбарҭақәа аргылара иныҭкааны рахәаԥшра ауп. Азакәан иҳәынҭқарратәуи иҳәынҭқарратәыми аекспертизақәа рынагӡара азыԥхьагәанаҭоит, аиҭакрақәа инарықәыршәаны иҳәынҭқарратәым аекспертиза алицензиа змоу ауаа рымацара роуп имҩаԥызгарц зылшо.
Иара убас актәи аԥхьарала "Аахәарақәа рзы" азакәан апроект рыдыркылеит. Апарламент адепутат Резо Занҭариа иажәақәа рыла, апроект имариоу, иаарту аҳәынҭқарратә аахәарақәа рымҩаԥгара апроцесс аиҿкаара иазырхоуп. Уи, иара убасгьы агәазыҳәара змоу зегьы рзы иаарту аелектронтә платформа аԥҵара азыԥхьагәанаҭоит.
Жәлар Реизара адепутатцәа аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарақәа рыла ирыдыркылеит Аԥсны ашәахтә система ашьаҭа хадақәа ирызку азакәан ахь аиҭакрақәа. Иара ашәахтәқәа ианаамҭоу рымшәаразы ақәынкыла амҽхак аларҟәра азыԥхьагәанаҭоит, мышкы ахылара амҽхак 0,3% ахьтә 0,1% арҟынӡа ирмаҷхоит.
Азакәан авторцәа ргәаанагарала, уаанӡа ахархәара змаз аԥаратә зыԥҵәа економикатә ҟазшьала иҵаҵӷәыдан, ашәахтә зшәоз ауадаҩрақәа рызцәырнагон. Уи адагьы, азакәан ашәарақәа риура ахылаԥшра аиӷьтәра иазырхоуп, уи ишәам ауалқәа рхыԥхьаӡареи рымҽхаки рырмаҷра иацхраауеит.