Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Апарламент адепутатцәа "Акадастр азы" азакәан аиҭакрақәа ралагалара иазхиоуп

© Foto / Парламент АбхазииДепутаты Парламента Абхазии выразили готовность внести в закон "О кадастре недвижимости" поправки
Депутаты Парламента Абхазии выразили готовность внести в закон О кадастре недвижимости поправки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2025
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 22 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан аиҭакрақәа ралагалара ишазхиоу азгәарҭеит, уи аус адулара анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәеи аусхк иашьашәалоу аспециалистцәеи радԥхьалара шхымԥадатәиу атәы рҳәеит.
Иахьа имҩаԥысит аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак инеиҵыху аилатәара.
Уи рхы аладырхәит Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Баҭал Аиба, Аҳәынҭқарратә кадастртә палата, ақалақьқәеи араионқәеи рнапхгараҭарақәа рхаҭарнакцәа.
2024 шықәса абҵарамза 24 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҿы "Еиҭамҵуа амазара акадастр азы" азакәан рыдыркылеит. Уи амчра аиуеит ҳазҭоу ашықәс рашәарамзазы.
Уаанӡа атәылаҿы еиҭамҵуа амазареи иаразы аинформациа аҵәахреи рзы иаку аҭаҩратә системеи аҭаҩратә зини ыҟамызт.
Ажәабжьқәа зегьы
0