https://sputnik-abkhazia.info/20250426/azlatsazhasha-amoup-tabaua-ktol-imaysua-ayryra-aty-1054560147.html
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Табаӷәуа Кәтол имҩаԥысуа аҽырыҩра атәы
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Табаӷәуа Кәтол имҩаԥысуа аҽырыҩра атәы
Sputnik Аҧсны
Лаҵара 1 азы Кәтол имҩаԥысуеит уажәшьҭа итрадициахаз аҽырҩра. Сынтәа уи шеиҿкаахо, шаҟа гәыԥ алахәхо, аԥхьахә фонд шышьақәгылоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны... 26.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-26T12:17+0300
2025-04-26T12:17+0300
2025-04-26T12:18+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
ҳазлацәажәаша ҳамоуп
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/17/1054560405_0:468:852:947_1920x0_80_0_0_a552d6a254c10b6066daedc8dc3bda77.jpg
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Табаӷәуа Кутол имҩаԥысуа аҽырыҩра атәы
Sputnik Аҧсны
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Табаӷәуа Кутол имҩаԥысуа аҽырыҩра атәы
Лаҵара 1 азы Кәтол имҩаԥысуеит уажәшьҭа итрадициахаз аҽырҩра. Сынтәа уи шеиҿкаахо, шаҟа гәыԥ алахәхо, аԥхьахә фонд шышьақәгылоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аҽтәы спорт еиндаҭларақәа рыӡбаҩ хада Џьон Табаӷәуа."Маи 8-9 рзы Гәдоуҭа араион аҟны аҽырыҩрақәа мҩаԥыргоит, ҳара амза 1 азы асезон ааҳартуеит ҳәа азуҳәар ҟалоит, ҳаиҳабацәа ус иаԥырҵеит. Пантик Табаӷәуа уи инапы алакын, уи ишьҭахь Беслан Абҳазоу, аишьцәа Гәаланӡиаа аспорт бзиа избоз ирыӡбеит есышықәса ишымҩаԥааго. 15 шықәса ҵуеит шьҭа инеиԥынкыланы имҩаԥысуеижьҭеи", - иҳәеит Табаӷәуа.Сынтәа аҽтәы спорт хәмаррақәа рҟны ҩ-командак еиндаҭлоит - Арасаӡыхь аҽыҩҷкәынҵәеи Кәтол аҽыбӷаҟазацәеи. Убасгьы аныҳәа дырԥшӡоит егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи еилаԥсоу даҽа командак иҳәеит Табаӷәуа.Сынтәатәи аҽырыҩрақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыри Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсадгьыл ахьчара зыԥсы ахҭнызҵази ргәалашәара иазкхоит. Убасгьы аҽқәа 2 нызқь метра идырыҩуеит иҭархаз Апарламент адепутат Вахтанг Гәаланӡиа игәаларшәаразы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/17/1054560405_0:388:852:1027_1920x0_80_0_0_c40909283c790f41615da2ac37a45ea0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
аԥсны, аподкаст, ҳазлацәажәаша ҳамоуп, аудио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Табаӷәуа Кәтол имҩаԥысуа аҽырыҩра атәы
12:17 26.04.2025 (ирҿыцуп: 12:18 26.04.2025) Лаҵара 1 азы Кәтол имҩаԥысуеит уажәшьҭа итрадициахаз аҽырҩра. Сынтәа уи шеиҿкаахо, шаҟа гәыԥ алахәхо, аԥхьахә фонд шышьақәгылоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аҽтәы спорт еиндаҭларақәа рыӡбаҩ хада Џьон Табаӷәуа.
"Маи 8-9 рзы Гәдоуҭа араион аҟны аҽырыҩрақәа мҩаԥыргоит, ҳара амза 1 азы асезон ааҳартуеит ҳәа азуҳәар ҟалоит, ҳаиҳабацәа ус иаԥырҵеит. Пантик Табаӷәуа уи инапы алакын, уи ишьҭахь Беслан Абҳазоу, аишьцәа Гәаланӡиаа аспорт бзиа избоз ирыӡбеит есышықәса ишымҩаԥааго. 15 шықәса ҵуеит шьҭа инеиԥынкыланы имҩаԥысуеижьҭеи", - иҳәеит Табаӷәуа.
Сынтәа аҽтәы спорт хәмаррақәа рҟны ҩ-командак еиндаҭлоит - Арасаӡыхь аҽыҩҷкәынҵәеи Кәтол аҽыбӷаҟазацәеи. Убасгьы аныҳәа дырԥшӡоит егьырҭ ақыҭақәа рҟынтәи еилаԥсоу даҽа командак иҳәеит Табаӷәуа.
Сынтәатәи аҽырыҩрақәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыри Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсадгьыл ахьчара зыԥсы ахҭнызҵази ргәалашәара иазкхоит. Убасгьы аҽқәа 2 нызқь метра идырыҩуеит иҭархаз Апарламент адепутат Вахтанг Гәаланӡиа игәаларшәаразы.