https://sputnik-abkhazia.info/20250427/adgyl-iazaaigou-asynry-itsup-adgyl-iazku-azhaaei-ur-rakei-1054626924.html
"Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп": адгьыл иазку ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
"Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп": адгьыл иазку ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Sputnik Аҧсны
Адгьыл иахҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны. 27.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-27T09:30+0300
2025-04-27T09:30+0300
2025-04-27T02:06+0300
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/01/1038918603_0:118:1043:705_1920x0_80_0_0_dd966d357b7f3368676cb955754ae695.jpg
Адгьыл аҟноуп иахьеиԥылоХыхьынтә амра ашәахәақәа,Адгьыл ауп ауаҩ ишьҭа зныло,Дҭахаргьы, ибаҩқәа зҵәахуа.Алықьса ЏьонуаАԥсуа иԥсадгьыл аҟны имыцхәу дгьыл ыҟаӡам. Анцәа иҿынтә иҳаҭәашьоу ҳтәыла ссир хәыҷы иахӡыӡаалатәуп есқьаангьы. Аԥсадгьыли адгьыли рызҵаараҿы иаҭахуп ахдырра ҳаракы. Уи ахьчареи аиҷаҳареи рнапы иануп изџьынџьу.Аԥсадгьыл гәакьаҿы, ажәҩан иаҵәа аҵаҟа, адгьыл агәеисыбжь заҳауа анхаҩы ҭынч адгьыл дықәаарыхыртә аҭагылазаашьа имазар, уи насыԥуп ҳәа азуҳәар ԥхашьарахом.Анхаҩы жәытәнатә аахыс адгьыл иԥсы аҿҳәаран. Уазхәыцуазар, дгьылдагьы дызхәарҭоузеи? Адгьыл дықәаарыхроуп, абаҳча имазароуп, ирахә ртәарҭа, рцарҭа-раарҭа маншәалазароуп.Адгьыл ахьӡ иадҳәалоу ажәаԥҟақәа рахьтә иналукаартә иҟоуп абарҭ:Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп.Адгьыл ибзианы, ишахәҭоу, ианаамҭоу аус адызуло, ҳаҭыр ақәызҵо изы ихааӡагоуп.Адгьыл анап пашә ацәымӷуп.Адгьыл нап адукылар, аҽаҩра беиа угнажьуам.Адгьыл иҵоу, ацәеиха иадыруеит.Ари ажәаԥҟа аҵакы еиҭарсны иҳәоуп. Унапы злаку аус закәу, изеиԥшроу уара ишудыруа даҽаӡәы издырӡом. Убри атәоуп иҳанаҳәо иаагоу ажәаԥҟа.Адгьыл иауҭо узархынҳәуеит.Адгьыл бзианы нап адукылар, ианаамҭоу иуцәаӷәар, иахәҭоу ауҭар, аҽаҩра беиа аанашьҭуеит.Адгьыл ахыхәаҩ ихәлаччоит.Анхаҩы иҽыззикыз аус анагӡараан ихы дамеигӡазар, махәҿала илшо зегьы ҟаиҵазар, знымзар-зны игәахәтәы дахьымӡар ауӡом.
https://sputnik-abkhazia.info/20250420/anapymsa-aaa-duup-aei-zhlar-rmeditsina-amaaaki--1054534583.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/05/01/1038918603_0:20:1043:802_1920x0_80_0_0_653724b4367b4de125a956194c536224.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
жәлар рдоуҳа
"Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп": адгьыл иазку ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи
Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Адгьыл иахҳәаау ажәаԥҟақәеи урҭ рҵакқәеи шәрыԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Хыхьынтә амра ашәахәақәа,
Адгьыл ауп ауаҩ ишьҭа зныло,
Дҭахаргьы, ибаҩқәа зҵәахуа.
Аԥсуа иԥсадгьыл аҟны имыцхәу дгьыл ыҟаӡам. Анцәа иҿынтә иҳаҭәашьоу ҳтәыла ссир хәыҷы иахӡыӡаалатәуп есқьаангьы. Аԥсадгьыли адгьыли рызҵаараҿы иаҭахуп ахдырра ҳаракы. Уи ахьчареи аиҷаҳареи рнапы иануп изџьынџьу.
Аԥсадгьыл гәакьаҿы, ажәҩан иаҵәа аҵаҟа, адгьыл агәеисыбжь заҳауа анхаҩы ҭынч адгьыл дықәаарыхыртә аҭагылазаашьа имазар, уи насыԥуп ҳәа азуҳәар ԥхашьарахом.
Анхаҩы жәытәнатә аахыс адгьыл иԥсы аҿҳәаран. Уазхәыцуазар, дгьылдагьы дызхәарҭоузеи? Адгьыл дықәаарыхроуп, абаҳча имазароуп, ирахә ртәарҭа, рцарҭа-раарҭа маншәалазароуп.
Акыр збахьоу, акыр иахаану адгьыл иахҳәаау аԥсуа жәаԥҟақәа аинтерес рыҵоуп, иаагозар: "Адгьыл зымжьо а́бра изнауеит", "Адгьыл напы адызкыло дхәыданатәуам", "Адгьыл ԥсадгьылны иҟазҵо ауаа роуп", "Адгьыл ԥсыла анапы иазыҩуеит", "Адгьыл адац иарԥсылоит", "Адгьыл иауҭо узархынҳәуеит", "Адгьыл еиқәаҵәа аҽаҩра шкәакәоуп", "Адгьыл иреиӷьу уалшәаҩуп".
Адгьыл ахьӡ иадҳәалоу ажәаԥҟақәа рахьтә иналукаартә иҟоуп абарҭ:
Адгьыл иазааигәоу аԥсынҵры ицуп.
Адгьыл ибзианы, ишахәҭоу, ианаамҭоу аус адызуло, ҳаҭыр ақәызҵо изы ихааӡагоуп.
Адгьыл анап пашә ацәымӷуп.
Адгьыл нап адукылар, аҽаҩра беиа угнажьуам.
Адгьыл иҵоу, ацәеиха иадыруеит.
Ари ажәаԥҟа аҵакы еиҭарсны иҳәоуп. Унапы злаку аус закәу, изеиԥшроу уара ишудыруа даҽаӡәы издырӡом. Убри атәоуп иҳанаҳәо иаагоу ажәаԥҟа.
Адгьыл иауҭо узархынҳәуеит.
Адгьыл бзианы нап адукылар, ианаамҭоу иуцәаӷәар, иахәҭоу ауҭар, аҽаҩра беиа аанашьҭуеит.
Адгьыл ахыхәаҩ ихәлаччоит.
Анхаҩы иҽыззикыз аус анагӡараан ихы дамеигӡазар, махәҿала илшо зегьы ҟаиҵазар, знымзар-зны игәахәтәы дахьымӡар ауӡом.