https://sputnik-abkhazia.info/20250427/moskva-asni-urystylei-rsakhaykhtsa-eitsyrzeishu-atsyrgaa-aatit-1054636813.html
Москва Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхцәа еицырзеиԥшу ацәыргақәҵа аатит
Москва Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхцәа еицырзеиԥшу ацәыргақәҵа аатит
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Москва ақалақь аҿы аԥснытәии урыстәылатәии асахьаҭыхыҩцәа еицырзеиԥшу ацәыргақәҵа "Адгьыл ԥсҭазаараҿы Жәҩантә мчы аарԥшра" аатит. 27.04.2025, Sputnik Аҧсны
2025-04-27T21:00+0300
2025-04-27T21:00+0300
2025-04-27T22:38+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/1b/1054635201_0:80:1170:738_1920x0_80_0_0_d423fd233182e8f20df0d3d935cc9665.jpg
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Москва ақалақь аҿы аԥснытәии урыстәылатәии асахьаҭыхыҩцәа еицырзеиԥшу ацәыргақәҵа "Адгьыл ԥсҭазаараҿы Жәҩантә мчы аарԥшра" аатит. Уи Аԥсны ажәытәӡатәи акультуратә ҭынхақәа, ауахәамақәагьы уахь иналаҵаны, зныԥшуа асахьақәа 44 цәыргақәҵоуп. Аусумҭақәа равторцәа — Ҭемыр Ҵәыџьба, Диана Воуба, Анатоли Анненков, Александр Драговои роуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкааҩцәа руаӡәк, Аԥшьаҩы Спиридон Тримифунттәи ихьӡ зху Акультуратә усеицура ацентр аиҳабы Павех Карпушин. Уи, иара убас, Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы Аб Игнати асахьақәа Москваҟа рнагара аиҿкаараҿы иҟаиҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Ацәыргақәҵа Сокольники ақалақь аҿы иҟоу Иԥшьоу Анцәа дзыхшаз Лажәабжьбзиа ауахәамаҿы еиҿкаауп, уи лаҵара 4 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Изҭаху зегьы иаҭаар рылшоит асааҭ 11:00 инаркны 17:00 рҟынӡа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/1b/1054635201_41:0:1130:817_1920x0_80_0_0_104a7ff8c77cd99e65ae3caa362953a7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Москва ақалақь аҿы аԥснытәии урыстәылатәии асахьаҭыхыҩцәа еицырзеиԥшу ацәыргақәҵа "Адгьыл ԥсҭазаараҿы Жәҩантә мчы аарԥшра" аатит.
Уи Аԥсны ажәытәӡатәи акультуратә ҭынхақәа, ауахәамақәагьы уахь иналаҵаны, зныԥшуа асахьақәа 44 цәыргақәҵоуп.
Аусумҭақәа равторцәа — Ҭемыр Ҵәыџьба, Диана Воуба, Анатоли Анненков, Александр Драговои роуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аиҿкааҩцәа руаӡәк, Аԥшьаҩы Спиридон Тримифунттәи ихьӡ зху Акультуратә усеицура ацентр аиҳабы Павех Карпушин.
"Ари ииашаҵәҟьаны аԥшӡара аазырԥшуа зеиԥш уаҳа иуԥымло усумҭақәоуп. Ацәыргақәҵа ахьӡ уи аҵакы иақәшәоит. Иаадыртиижьҭеи уи зықьҩык инареиҳаны ауаа аҭаахьеит, даара аинтерес аҵоуп", — ҳәа иазгәеиҭеит Карпушин.
Уи, иара убас, Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы Аб Игнати асахьақәа Москваҟа рнагара аиҿкаараҿы иҟаиҵаз ацхырааразы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
Ацәыргақәҵа Сокольники ақалақь аҿы иҟоу Иԥшьоу Анцәа дзыхшаз Лажәабжьбзиа ауахәамаҿы еиҿкаауп, уи лаҵара 4 рҟынӡа имҩаԥыслоит. Изҭаху зегьы иаҭаар рылшоит асааҭ 11:00 инаркны 17:00 рҟынӡа.