"Абиԥарак ашҭа инҭыӡӡааит": аишьцәа Жьиаа ирызкны
09:00 02.05.2025 (ирҿыцуп: 10:21 02.05.2025)
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәАртимоми Грышьеи Жьиаа

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Анапаҵаҩра
Шьрыф Жьиба иԥацәа Гәыџьи, Олиеи, Грышьеи, Шамели, Артиоми Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага, аӡәаӡәала афронт ахь ирыԥхьеит. Артиом заҵәык 1945 шықәсазы аҩныҟа дхынҳәит, аха хымз рышьҭахь идунеи иԥсахит. Абас абиԥарак Жьиаа рашҭа инҭыӡӡааит. Аишьцәа рҭоурых даара иԥсыҽны ирдыруеит ирхылҵшьҭроу аҿар. Аха ари ахлымӡаах уаламцәажәар, аибашьра ухашҭит ауп иаанаго. Ажәабжь анҵоуп Гәыџь имаҭа Ныгәзар Жьиба иажәақәа рыла.
Шьрыф Жьибеи Елена Хагәышьԥҳаи хәҩык аԥацәа рааӡара ишаҿыз, аб иаамҭанымкәа идунеи иԥсахуиет. Аԥҳәысеиба лхала лԥацәа ршьапы иқәлыргылоит. Излалылшоз ала аӡә иашьҭахь илмыргылеит. Аҷкәынцәа ианрызҳа, ран дрылаҽхәон, рынасыԥ абара дазгәышьуан.
Шамел аҳасабеилыргаҩс аколнхараҟны аус иуан. Грышьа араионтә анагӡаратә комитет аҿы инструкторс дыҟан. Егьырҭ ақыҭанхамҩа рнапы алакын.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аламҭалазы Жьиаа ачара рҽазыҟарҵон. Аҭаацәара далалараны дыҟан Артиом. Аха аишьцәа рразҟы ҽакала ишьақәгылеит…
"Сара сабду Гәыџь иакәын. Иара афронт ахь данцоз, санду Анҭица Гыцԥҳаи иареи ԥшьыҩк аԥацәеи ҩыџьа аԥҳацәеи рыман. Олиа ԥҳәыс дааигеижьҭеи уамак ҵуамызт азы, ахылҵ дырмоуӡацызт. Артиом ачараура дахьымӡеит. Шамели Грышьеи ракәзар иҭаацәарамызт. Аишьцәа ран Елена Хагәышьԥҳа, џьабаала илааӡаз лыҷкәынцәа аӡәаӡәала ашҭа иҭыганы афронт ахь инаскьалгон. Хышықәса лԥацәа аибашьра адәаҟнытә иаарышьҭуаз асалам шәҟәқәа дрылаҽхәон. Уахи ҽни дмаԥхьац џьшьа деиҭаԥхьон", - иабдуцәа рҭоурых дазааҭгылоит амаҭа Ныгәзар Жьиба.
Аибашьра цонаҵы, Мгәыӡырхәа ақыҭсовет ахь ашәҟәеиқәаҵәа ааит Шамел Смоленск дышҭахаз ала. Аха, "ан макьана дгәыӷлааит, лгәы ԥаҳамжәап" ҳәа ирӡеит. Ус ишыҟаз Олиа хабарда дшыбжьаӡыз адырра ааит, нас Грышьа. Ақыҭсоветаа аӡәи-аӡәи арҭ ашәҟәқәа шынеимҵаркуаз, дҟамлеит хаҵак абри аҩыза ахлымӡаах атәы игәаӷьны аԥҳәыс илазҳәашаз.
"Елена Хагәышьԥҳа адунеи агәашәқәа лзаатит ҳәа илԥхьаӡеит 1945 шықәсазы лԥа Артиом иԥсы ҭаны Германиантәи данылзаа. Аха лгәырӷьара нагӡамхеит. Иара ихәрақәа ирхырҟьаны хымз рышьҭахь иԥсҭазаара далҵуеит. Артиом ахәшәтәырҭа дахьынӡышьҭаз, Мгәыӡырхәа ақыҭсовет ахь сабду Гәыџьгьы хабарда дышбжьаӡыз атәы зҳәоз ашәҟәы аахьан. Артиом данкҿарҵа аҽны, аиҳабыра ааны Елена "дышбзаз ԥсы шлакәхаз" ларҳәеит. Ауадаҿы акаруаҭқәа неидыргыланы, хә-еинҵарак неибырҭеит. Ари аҩыза ахлымӡаах ақыҭауаа ааигәа-сигәа иаламԥшыцызт. Шықәсырацәала ирхашҭомызт", - иажәа иациҵоит Ныгәзар.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәШамели Гәыџьи Жьиаа

1/3
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Шамели Гәыџьи Жьиаа
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәАртимоми Грышьеи Жьиаа

2/3
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Артимоми Грышьеи Жьиаа
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәОлиа Жьиба

3/3
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Олиа Жьиба
1/3
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Шамели Гәыџьи Жьиаа
2/3
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Артимоми Грышьеи Жьиаа
3/3
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтә
Олиа Жьиба
Гәыџь иԥа Виктор, изныкымкәа иаб иашьа Шамел дахьжу Смоленск азеиԥш ԥсыжырҭа даҭаахьан, ицны ицахьан иуацәагьы. Аԥснынтәи иааз ҳәа аҭыԥантәи ачынуаа рԥылон. Иахьынӡасасыз имҩаԥыргон.
Аишьцәа Жьиаа рлахьынҵа цәгьахеит. Реибашьратә нысымҩа аҭоурых иалаӡит. "Аԥсра аиҭаԥсра" анырҳәо дара реиԥш алахьынҵа змауз роуп изхырҳәаауа.