00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Главный четверг
14:04
26 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:55
5 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:55
5 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Аиааира Ду – 80
Sputnik Аԥсны ишәзеиҭанаҳәоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы Аиааира агараҟны Аԥсны аҵеицәа иҟарҵаз алагала атәы.

"Рԥазаҵә иакәын": Кас Кәакәасқьыр изкны

© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәКас Кәакәасқьыр
Кас Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2025
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага, Кас Кәакәасқьыр 23 шықәса ракәын ихыҵуаз, иара ԥшьҩык аиҳәшьцәа рашьазаҵә иакәын. Ани аби, рԥа дхынҳәаанӡа рыдунеи рыԥсахит, ргәы иазышьҭнамхеит иҟамзаара. Ажәабжь анҵоуп Кас Кәакәасқьыр имаҭа Инга лажәақәа рыла.
Зыбзазра еиҿкааз, усҟантәи аамҭазы зхы иахәоз ракәын Есыф Кәакәасқьыр иҭаацәа. Аха, 1937-тәи ашықәсқәа раан "арҭ аколнхара иаҿагылоит" ҳәа иааны рмазара рымырххьан, рырахәи рыԥсасеи ргахьан. Ус ишыҟаз иалагоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду. Есыф Кәакәасқьыри Думашьна Ҳалуашьԥҳаи ԥшьҩык аԥҳацәеи лымкаала изыхӡыӡаауаз ԥаки рыман. Афронт ахь ацара аамҭа анааи, ҵәҩаншьапс изхәаԥшуаз Кас "уаҳа даҳбарыма" ҳәа ишхәыцуаз, ани аби ргәы иҵаз ахьанҭара рзышьҭыхмит, хара имгакәа рыԥсҭазаара иалҵуеит. Агәараҭа иахыз аԥҳацәа ракәын.
© Foto / аҭаацәаратә архив аҟынтәКас Кәакәасқьыр
Кас Кәакәасқьыр  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2025
Кас Кәакәасқьыр
Кас Кәакәасқьыр аибашьра зегь ихеигеит. 1945 шықәсазы, Аиааира амш мызкы шагыз, Австриа бааԥсыла дырхәоит. Усҟан игәыԥ аҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа иреиуан Венатәи ахырхарҭа ааха аҭара. Асовет солдаҭцәа хьаҵшьа рымамызт. Кас Кәакәасқьыр иҩызцәеи иареи адәҟьаҟьара иқәсны акәын ишцоз. Усҟан зехьынџьарантә ахқәа ааиуан. Зынӡа изыхьчашаз ҵлак, хыбрак ыҟамкәа. Зегь раасҭа угәы узырхьуа, Аиааира аҟынӡа шьаҿақәак ракәын инханы иҟаз, аԥсуа ҷкәын иԥсҭазаара аҟазаареи аҟамзаареи ианҭагыла.
"Сабду далахәын Австриа аҭарцәра. Аҳҭнықалақь Вена Асовет солдаҭцәа аналалоз иара ӷәӷәала дырхәоит. Ахыԥҽыха ишьапы иақәшәоит. Адәҳәыԥш аҟны дшышьҭаз, амедиаҳәшьа аԥсцәеи ахәцәеи анеиллыргоз машәыршәа дылбоит. Сабду агоспиталь аҟны ишьапы рзеиқәырхаӡом. Иҿакны ихырымҵәар ада ԥсыхәа ҟалом. Деиқәзырхаз аԥҳәызба лыхьӡ ҳгәалашәом, аамҭа акыр ҵхьеит, аха иахьа уажәраанӡа иҵәахны иҳамоуп еицҭырхыз афотосахьа. Уи ҳара акырӡа ҳахӡыӡаауеит. Ҳабду игәараҭаҟны еиҵагылаз Кәакәасқьыраа ҳабиԥара зыҟаломызт, уи аурыс ԥҳәызба лакәымзар", - еиҭалҳәоит амаҭа Инга Кәакәасқьырԥҳа.
Лавренти Сергьегьиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2025
Аиааира Ду – 80
"Аррамаҵура зыԥсҭазаарахаз": Лавренти Сергьегьиа иеибашьратә мҩа иазкны
Кас аҩныҟа дхынҳәуеит 1945 шықәса анҵәамҭазы. Иара уи аԥхьаҟа, дҭахеит ҳәа акәын ишырдыруаз иаҳәшьцәа. Избанзар, ари аамҭа иалагӡаны ихабар рыздырумызт, аибашьра анеилгагьы иаразнак дмааӡеит.
Кас ихынҳәра ныҳәа духеит иҭаацәа рзы. Иани иаби ахаанымхеит, аха иаҳәшьцәа ишахәҭаз еиԥш иԥылеит. Аамҭак ашьҭахь ԥҳәыс дизааргоит. Рыцҳарас иҟалаз, Кас раԥхьатәи иԥшәаԥҳәыс ахшараиура дахԥсаауеит. Ҩыџьа аԥацәа ихала рааӡара далагоит. Анаҩс ҩаԥхьа аҭаацәара далалоит. Араҟа ииуеит хҩык аԥацәа.

"Изшьапык имам ҳәа сабду усда дтәомызт. Аҵаргәақәа иҽрынҵаны амхы дҭан. Егьысгьы, Бзыԥҭа аргыларақәа ахьцоз ахьчаҩс аус иуан. Иҭаацәа ныҟәигон", - лҳәоит Инга.

Кас Кәакәасқьыр аибашьра алацәажәара бзиа ибаӡомызт. Уи уамашәагьы иубо иҟам, избанзар иара даӡәыкӡам ари атема иацәхьаҵуаз. Аибашьра аветеран ианашьан хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0