https://sputnik-abkhazia.info/20250516/25-shysa-aakra-iyreit-kychka-agrba-iourykh-1054600585.html
"25 шықәса аҭакра иқәырҵеит": Кәычка Агрба иҭоурых
"25 шықәса аҭакра иқәырҵеит": Кәычка Агрба иҭоурых
Sputnik Аҧсны
16 шықәса зхыҵуаз, аха иқәра ҩышықәса иацҵаны афронт ахь иршьҭыз дреиуоуп мгәыӡырхәатәи арԥыс Кәычка Зурым-иԥа Агрба. Аибашьра аветеран иҭоурых анҵоуп иԥа... 16.05.2025, Sputnik Аҧсны
2025-05-16T15:39+0300
2025-05-16T15:39+0300
2025-05-16T15:39+0300
аиааира ду – 80
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
аԥсны
аиааира ду аҭоурыхқәа
аиааира ду ҳзаазгаз
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/18/1054600716_0:380:722:786_1920x0_80_0_0_964ad69ffebc03d5d625a78cb0d47e2f.jpg
16 шықәса зхыҵуаз, аха иқәра ҩышықәса иацҵаны афронт ахь иршьҭыз дреиуоуп мгәыӡырхәатәи арԥыс Кәычка Зурым-иԥа Агрба. Аибашьра аветеран иҭоурых анҵоуп иԥа Беслан иажәақәа рыла. Кәычка Агрба ашкол даналга 16 шықәса ракәын ихыҵуаз. Аха аусура дрыдыркыларц азы, атәылауаҩ шәҟәы ирҭарц дрыҳәоит 18 ихыҵуашәа иқәра иацҵаны. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, иқьаад ҿыц ала арра маҵурахьы иԥхьоит. Дақәшәоит Баҭымтәи архәҭа. Ԥшьымз рышьҭахь, ӷбала Севостопольҟа идәықәырҵоит. Аха адгьыл аҟынӡа инаӡаанӡа, аӷацәа аҳаирпланқәа рыла ирылахысуеит. Аӷбақәа зегьы ӡааҟәрылоит. Зыԥсы еиқәхаз аибашьцәа зынӡа имаҷӡан. Кәычкеи гәыԥҩык асолдаҭцәеи аҵыхәтәантәи рымчқәа еибыҭаны амшын иӡсо ихын аиқәырхаратә флыкақәа рыла инеины иҭыргаанӡа. "Саб ҩышықәса Севостополь деибашьуан. Аха анемеццәа рнапахьы Ҟрым анаарга, аҭҟәара дақәшәоит. Германиа аконцлагер ахь дганы дҭаркоит. Аибашьра еилгаанӡа убра дыҟан. Ашьҭахь, абаандаҩцәа рхы ианақәиҭыртә, Иугославиа иргоит. Убра дәык аҟны еизганы, ииасны ицоз, Аиааира згаз аҳәынҭқаррақәа Америка, Англиа, Франциа, Асовет Еидгыла иртәыз атанкқәа еихшаны ирықәыртәаны иршьҭуан. Саб дақәшәеит Америка, ԥшьымз убра дынхон", - еиҭеиҳәоит Кәычка иԥа. Кәычка иара иеиԥш иоужьыз абаандаҩцәа Америка ианнанага, усҟантәи азакәан ала, агоспиталь аҟны аҳақьымцәа ргәабзиара шьақәдыргылеит. Анаҩс ирырҭеит ахыҵакырҭақәа, раԥхьатәи абзазаратә цхыраара. Доусы, аибашьра ҟалаанӡа занааҭс ирымаз, насгьы аус ахьыруаз ианазҵаа, Кәычка ицыз қырҭуак иҵеиҳәеит ачаӡырҭаҿы аус иуазшәа иҳәарц. Ус, рҩыџьегьы специалистцәоуп ҳәа, аусуцәа ахьаҭахыз чаӡырҭак ахь иршьҭуеит. Ауалафахәгьы бзианы ирырҭоит. Аамҭак ашьҭахь Америка атәылауаҩра шәоуоит ҳәа анрарҳәа, Кәычка уи ашьҭахь Аԥсныҟа дзымаар ҳәа дшәан, мап ацәкны аҩныҟа амҩа дықәлеит. Кәычка Агрба иҩныҟа данаа, хара имгакәа, Асовет закәан инақәыршәаны 25 шықәса аҭакра иқәырҵоит. Раԥхьа Русҭави дыргоит, устәи Магаданҟа. Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, аполитикатә баандаҩцәа аурыжьуа иалагоит. Уи аамҭазы жәеиза шықәса ҵуан Кәычка дҭакиижьҭеи. Ажәакала иқәырҵаз 25 шықәса рҟнытә 11 шықәса ҭакрала ихаигоит. Кәычка ибӷа еиҵыхны ибзазара аиҭашьақәыргылара далагеит 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Аус иуан аколнхараҟны, анаҩс диасуеит абнахылԥшҩыс. Наҟ-наҟ аҭаацәара далалоит, динасыԥхоит Груниа Ҭарԥҳа. Ирхылҵоит ҩыџьа аԥацәа Беслани Вадими. Даргьы аиҳабыратәи абиԥара реиԥш, 1992-1993 шықәсқәа рзы гәымшәарыла рыԥсадгьыл рыхьчон ҳара ҳаибашьраҟны.Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан хабарда дыбжьаӡит Кәычка иашьеиҳабы Шьарадын. Аҵыхәтәантәи исалам шәҟәы ишаҳәоз ала Минск ахырхарҭаҿы деибашьуан. Уи нахыс иӡбахә еилкаам.
https://sputnik-abkhazia.info/20250511/aourykht-yblara-zkysyz-aishtsa-khagshaa-iryzkny-1054596495.html
https://sputnik-abkhazia.info/20250510/arytsaraa-ratsan-ya-aishtsa-beniaa-rourykh-1054596016.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2025
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/04/18/1054600716_0:312:722:854_1920x0_80_0_0_81b32c4428b4861b247b08f26665f633.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Саида Жьиԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/07/0f/1032843706_750:0:2797:2047_100x100_80_0_0_5296ee4582322343fafed0d2d84e5823.png
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны, аиааира ду аҭоурыхқәа, аиааира ду ҳзаазгаз
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, аԥсны, аиааира ду аҭоурыхқәа, аиааира ду ҳзаазгаз
16 шықәса зхыҵуаз, аха иқәра ҩышықәса иацҵаны афронт ахь иршьҭыз дреиуоуп мгәыӡырхәатәи арԥыс Кәычка Зурым-иԥа Агрба. Аибашьра аветеран иҭоурых анҵоуп иԥа Беслан иажәақәа рыла.
Кәычка Агрба ашкол даналга 16 шықәса ракәын ихыҵуаз. Аха аусура дрыдыркыларц азы, атәылауаҩ шәҟәы ирҭарц дрыҳәоит 18 ихыҵуашәа иқәра иацҵаны. Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду ианалага, иқьаад ҿыц ала арра маҵурахьы иԥхьоит. Дақәшәоит Баҭымтәи архәҭа. Ԥшьымз рышьҭахь, ӷбала Севостопольҟа идәықәырҵоит. Аха адгьыл аҟынӡа инаӡаанӡа, аӷацәа аҳаирпланқәа рыла ирылахысуеит. Аӷбақәа зегьы ӡааҟәрылоит. Зыԥсы еиқәхаз аибашьцәа зынӡа имаҷӡан. Кәычкеи гәыԥҩык асолдаҭцәеи аҵыхәтәантәи рымчқәа еибыҭаны амшын иӡсо ихын аиқәырхаратә флыкақәа рыла инеины иҭыргаанӡа.
"Саб ҩышықәса Севостополь деибашьуан. Аха анемеццәа рнапахьы Ҟрым анаарга, аҭҟәара дақәшәоит. Германиа аконцлагер ахь дганы дҭаркоит. Аибашьра еилгаанӡа убра дыҟан. Ашьҭахь, абаандаҩцәа рхы ианақәиҭыртә, Иугославиа иргоит. Убра дәык аҟны еизганы, ииасны ицоз, Аиааира згаз аҳәынҭқаррақәа Америка, Англиа, Франциа, Асовет Еидгыла иртәыз атанкқәа еихшаны ирықәыртәаны иршьҭуан. Саб дақәшәеит Америка, ԥшьымз убра дынхон", - еиҭеиҳәоит Кәычка иԥа.
Кәычка иара иеиԥш иоужьыз абаандаҩцәа Америка ианнанага, усҟантәи азакәан ала, агоспиталь аҟны аҳақьымцәа ргәабзиара шьақәдыргылеит. Анаҩс ирырҭеит ахыҵакырҭақәа, раԥхьатәи абзазаратә цхыраара. Доусы, аибашьра ҟалаанӡа занааҭс ирымаз, насгьы аус ахьыруаз ианазҵаа, Кәычка ицыз қырҭуак иҵеиҳәеит ачаӡырҭаҿы аус иуазшәа иҳәарц. Ус, рҩыџьегьы специалистцәоуп ҳәа, аусуцәа ахьаҭахыз чаӡырҭак ахь иршьҭуеит. Ауалафахәгьы бзианы ирырҭоит. Аамҭак ашьҭахь Америка атәылауаҩра шәоуоит ҳәа анрарҳәа, Кәычка уи ашьҭахь Аԥсныҟа дзымаар ҳәа дшәан, мап ацәкны аҩныҟа амҩа дықәлеит.
"Саб иҩыза игәы иҽаниҵеит, "аконцлагер дҭакын, Асовет Еидгыла иԥсахит" ҳәа аҭакра шиқәырҵо. Аха иҟалалакгьы ҟалааит иҳәан иразҟы ԥишәеит", - иажәа иациҵоит Беслан.
Кәычка Агрба иҩныҟа данаа, хара имгакәа, Асовет закәан инақәыршәаны 25 шықәса аҭакра иқәырҵоит. Раԥхьа Русҭави дыргоит, устәи Магаданҟа. Сталин иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь, аполитикатә баандаҩцәа аурыжьуа иалагоит. Уи аамҭазы жәеиза шықәса ҵуан Кәычка дҭакиижьҭеи. Ажәакала иқәырҵаз 25 шықәса рҟнытә 11 шықәса ҭакрала ихаигоит.
Кәычка ибӷа еиҵыхны ибзазара аиҭашьақәыргылара далагеит 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Аус иуан аколнхараҟны, анаҩс диасуеит абнахылԥшҩыс. Наҟ-наҟ аҭаацәара далалоит, динасыԥхоит Груниа Ҭарԥҳа. Ирхылҵоит ҩыџьа аԥацәа Беслани Вадими. Даргьы аиҳабыратәи абиԥара реиԥш, 1992-1993 шықәсқәа рзы гәымшәарыла рыԥсадгьыл рыхьчон ҳара ҳаибашьраҟны.
Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аан хабарда дыбжьаӡит Кәычка иашьеиҳабы Шьарадын. Аҵыхәтәантәи исалам шәҟәы ишаҳәоз ала Минск ахырхарҭаҿы деибашьуан. Уи нахыс иӡбахә еилкаам.